Ажәабжьқәа

Популярное

“Абџьар азы“ Азакәан апроект адепутатцәа иааиуа асессиа аҿы иахәаҧшраны иҟоуп

552
01.11.2016 11:35
“Абџьар азы“ Азакәан апроект адепутатцәа иааиуа асессиа аҿы иахәаҧшраны иҟоуп
Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент асессиа абҵарамза 2 рзы имҩаҧысраны иҟоуп.

Аҟәа. Абҵарамза 1. Аҧсныпресс. Уаҵәы, абҵарамза 2 рзы Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент аилатәара мҩаҧгахоит. Алагара аамҭа асааҭ 11:00 рзы.

1. Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәанеидкыла аиҭакрақәа алагалара азы”, “Административтә зинеилагарақәа рзы аусқәа рыла аӡбареиҿкаара азы” ҳәа “Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект № 729-V” азы Жәлар Реизара-Апарламент Ақәҵара;

2. “Абҩарҵәыреи аспорти рзы” “Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект № 735-V азы” Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент Ақәҵара;

3. “Аҧсны Агәаҭаратә палата азы” ҳәа хыс измоу “Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект №701-V аиҭакрақәа ралагалара азы” Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент Ақәҵара;

4. “Хазы игоу аусура ахкқәа алицензиа аҭара азы” “Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект №732-V аиҭакрақәа ралагалара азы” Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент Ақәҵара;

5. “Хазы игоу аусура ахкқәа алицензиа аҭара азы” “Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект №741-V аиҭакрақәа ралагалара азы” Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент Ақәҵара;

6. “Аҳәынҭқарратә баџь алхра азы” “Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект №742-V аиҭакрақәа ралагалара азы” Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент Ақәҵара;

7. ”Аҳәаанырцәтәи атәылауаа Аҧсны рыҟазаара азинтә ҭагылазаашьа азы” “Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект №695-V аиҭакрақәа ралагалара азы” Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент Ақәҵара;

8. “Арбџьармчқәа рҿы арратә маҵзура иахысуа амедицинатә цхыраара рыҭаразы” Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара знапаҵыҩра мҩаҧгаз анаҧхгарабжьаратәи Еиқәшаҳаҭра аратификациа азуразы” “Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект №713-V азы” Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент Ақәҵара;

9. “Аӡбаратә нагӡаҩцәа рзы” “Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект № 740-Vазы ” Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент Ақәҵара;

10. “Административтә зинеилагарақәа рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәанеидкыла аиҭакрақәа ралагалара азы“ “Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект № 744-V аиҭакрақәа ралагалара азы” Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент Ақәҵара;

11. “Абџьар азы” Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект № 745-V азы” Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент Ақәҵара;

12. “Аҧсны Аҳәынҭқарра аҿы хаҭалатәи ахьчара иадҳәалоу аусура азы” Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект № 746-V азы” Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент Ақәҵара;

13. “Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент аиҳабы ихаҭыҧуаҩ иалхразы” Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент Ақәҵара;

Еиуеиҧшым егьырҭ азҵаарақәа:

1. “Какалиа Е. И. Аҧсны апрокурор Хада ихаҭыҧуаҩыс иҟаҵаразы” Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент Ақәҵара;

2. “2016 ш. Аҳәынҭқарратә биуџьет азы” “Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект № 748-V аиҭакрақәа ралагаларазы” Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент Ақәҵара;

3. “Аӡбаратә мчра азы” “Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан аиҭакрақәа ралагалара азы” Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент Ақәҵара.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа