27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Адгәыр Какоба: арҵаҩы адунеи аҿы аҭынчреи доусы игәаҵаҿы абзиабареи ақьиареи рыхьчара, дацхраауеит
565
05.10.2016 13:31
Аҧсны аҵарадырреи аҭҵаареи рминистр Адгәыр Какоба атәыла арҵаҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 5. Аҧсныпресс. Адныҳәаларатә шәҟәы аҿы иаҳәоит:
“Есышықәса, жьҭаарамза 5 аҽны, 100 ҳәынҭқаррак инареиҳаны Арҵаҩы Имш азгәарҭоит. Ари амш 1994 шықәсазы Адунеизегьтәи арҵаҩы Имш ҳәа иаҧҵан. Ари амш арҵаҩцәеи, иааизакны аҵарадырра ахырхарҭала аус зуа зегьы рзанааҭтә ныҳәоуп. Ари амш аҽны аҵарадырра еиуеиҧшым аҩаӡарақәа рҿы арҵаҩцәа инарыгӡо ароли, иара убас, арҵаҩы ауаажәларратә еилазаара аҿиара аҿы хәызмаӡам илагалеи азгәарҭоит.
4000-ҩык инареиҳаны арҵаҩцәа иахьа Аҧсны аҵарадырра асистемаҿы аус руеит. Шәара шәусура ахаҭабзиара атәыла ҧхьаҟатәи аҧеиҧш иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп.
1992-1993 шш. рзы Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраан, арҵаҩцәа ркалам насҭха иааныжьны, абџьар шьҭыхны рыҧсадгьыл ахьчаразы иҩагылеит. Даара ирацәаҩуп зыҧсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз Аҧсны Афырхацәа. Урҭ рыхьӡқәа кашәара ақәым!
Шәара адырра аҭара адагьы, ишьақәгылахьоу аҵарадырра атрадициақәа шәықәныҟәо, еиҵагыло аҿар рзы шәҿырҧшыганы, шәымҩақәҵаганы шәыҟоуп. Арҵаҩы адунеиаҿы аҭынчреи доусы игәаҵаҿы абзиабареи ақьиареи рыхьчара, дацхраауеит.
Шәурокқәа рҿы аартра ҿыцқәеи аихьӡара ҳаракқәеи лассы-лассы аҭыҧ роулааит. Ахәыҷқәа рахь ишәымоу, ҳәаа змаӡам абзиабара шәыҧсҭазаара аҵак ҿыц ала иханарҭәааит, агәышьҭыхра шәынаҭааит!
Ари азанааҭтә гәырҕьаратә ныҳәа аҽны агәабзиареи агәамчи, шәҭаацәарақәа рҿы маншәалареи, шәусураҿы арҿиаратә еихьӡарақәеи, шәааӡамҭацәа рықәҿиарақәа рылагәырҕьареи рызгәдууреи гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьасшьоит.
Арҵаҩы иныҳәамш шәадныҳәалаз!”

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа