Ажәабжьқәа

Популярное

Адгәыр Лышәба: аҳәынҭқарра ишьақәнарҕәҕәаз аҧҟарақәа рыла аусуразы зегьы ааҧхьара рысҭоит

485
31.10.2016 15:54
Адгәыр Лышәба: аҳәынҭқарра ишьақәнарҕәҕәаз аҧҟарақәа рыла аусуразы зегьы ааҧхьара рысҭоит
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анаҧхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Адгәыр Лышәба ажурналистцәа рзы имҩаҧигаз абрифинг аҿы аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аусура агәаҭаразы имҩаҧысуа агәаҭаратә усмҩаҧгатәқәа рзы адыррақәа ҟаиҵеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 31. Аҧсныпресс. Лана Ҵәыџьҧҳа. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анаҧхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Адгәыр Лышәба ажурналистцәа рзы имҩаҧигаз абрифинг аҿы иҟаиҵаз адыррақәа рыла, Аҧсны Ахада иҟаиҵаз адҵа ала, жьҭаарамза 19 рзы Аҧсны иҭагалахо, иара убас уи анҭыҵ ииагахо атауарқәа зегьы аҳазылхратә харҭәаара рыҭара амҩаҧысшьа агәаҭаразы иҷыдоу Акомиссиа аҧҵоуп. Акомиссиа жьҭаарамза 22 инаркны аусура иалагеит. Адгәыр Лышәба ихантәаҩрала аусура иалагаз акомиссиа аилазаара иалалеит Аҧсны Ахада Иусбарҭа аекономика Аминистрра, ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра, аҳәынтқарратә шәарҭадара Амаҵзура, апрокуратура Хада, уҳәа егьырҭ, иарбоу аус ахшыҩзышьҭра азҭо ахылаҧшырҭақәа рхаҭарнакцәа.

Адгәыр Лышәба Акомиссиа аусура атәы еиҭеиҳәеит: “Есыҽны, аҳәаа иахгахо атауарқәеи еиуеиҧшым аидарақәеи, ихарҭәаау аусшәҟәқәеи, аҳазылхратә ордерқәеи адекларациақәеи уҳәа рзы адыррақәа ҳзаауеит. Иарбоу аинформациа аринахысгьы, Акомиссиа аусура иалагаанӡа иҟази уи аусура иҭагӡахаз аамҭеи рзы иҟаз атауареикәыршаразы анализ аҟаҵара арманшәалоит”.

Акомиссиа ахантәаҩы, иҟоу адыррақәа рыла, адәныҟаекономикатә усура алахәылацәа рҕьырак ииаргоз аидара иахәҭоу ахарҭәаареи ашәҟәҭагалареи арҭомызт. Убри аан, аҳәынҭқарра абиуџьет ахь аҳазылхратә еизгақәа алагалахомызт. “Иҟоу аинформациа ақәшаҳаҭхареи, мамзаргьы мап ацәкреи рзы иарбоу азҵаара аҭҵаара ҳаҿуп. Зныкала имҩаҧгахо агәаҭаратә усмҩаҧгатә, мамзаргьы ареидқәа рыла, ас еиҧш афактқәа рыҧхьырҟәҟәаара залыршахом. Асистематә усура амҩаҧгаралеи иахәҭоу алкаақәа рыҟаҵаралеи аҳәааҿы имҩаҧысуа ахҭысқәа рзы ииашоу адыррақәа раиура ҳалшоит”, – ҳәа иҳәеит иара.

Акомиссиа ахантәаҩы Адгәыр Лышәба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, Акомиссиа аусура иалагӡаны “ихарҭәаам атауарқәа аҳәаа иахганы аиагара иадҳәалаз афактқәа аарҧшӡамызт".

Акомиссиа аусура ҧхынҷкәын 25-нӡа инагӡахоит.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа