27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Афутбол азы еизгоу акоманда алахәылацәа рҟынтәи гәыҧҩык аспортсменцәа авиза иацу апроблемақәа ахьрызцәырҵыз азы, Европа ачемпионат ConiFA – 2015 изалахәхаӡом, - ҳәа иҳәеит Џьамал Гәыбаз.
519
19.02.2015 11:03
Афутболистцәа гәыҧҩык авиза иацу апроблемақәа ахьрызцәырҵыз азы, Англиа имҩаҧысуа Европа ачемпионат ConiFA – 2015 изалахәхаӡом “Уи зыхҟьо Англиа, Европа егьырҭ атәылақәа реиҧш, Аҧсны атәылауааи, Аҧсны ирыҭаз урыстәылатәи аҳәаанырцәтәи апаспортқәа змоу ауааҧсыреи авизақәа рыҭара мҩаҧнагаӡом”, - иҳәеит Аҧсны ашьапылампыл Афедерациа апрезидент Џьамал Гәыбаз.
Аҟәа. Февраль 19. Аҧсныпресс. Џьамал Гәыбаз иажәақәа рыла, Ачемпионат ахь ицо аспортсменцәа активла уи рҽазыҟарҵоит. Ахәмарратә дисциплина аиҕьтәразы, Еиду Аҳәынҭқаррақәа Реидгыла (СНГ) атәылақәа рҟынтәи аӡбаҩцәа ахәмаррақәа рыӡбара мҩаҧыргоит. Аҧснытәи еизгоу акоманда иалоу жәаҩык ахәмарыцәа Алада Урыстәыла иатәу иреиҕьу аклубқәа “Краснодар”, Волгарь-Газпром”, “Дружба-Майкоп” рҿы ихәмаруеит.
Ачемпонат иун 13 инаркны - 21 рҟынӡа, ақалақь Дуглас, адгьылбжьаха Мен аҿы имҩаҧгахоит.
Уаанӡа Шведтәи Естерсунде имҩаҧгаз Ачемпионат аҿы, аҧснытәи акоманда аабатәи аҭыҧ шааннакылаз шәгәалаҳаршәоит.
Ачемпионат ConIFA 2013 шықәса рзы еиҿкаан. Уи, еиуеиҧшым амзызқәа ирыхҟьаны, ФИФА аилазаара официалла иаламлаз атәылақәа рфутболтә командақәа еиднакылоит.
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа





























