27.07.2020 14:29
774
23.07.2020 17:30
703
23.07.2020 16:39
689
23.07.2020 14:33
661
23.07.2020 14:20
663
23.07.2020 10:36
675
09.06.2020 18:12
2947
09.06.2020 15:47
2909
08.06.2020 21:03
2873
01.06.2020 18:12
3392
01.06.2020 17:31
3394
01.06.2020 16:00
3365
27.05.2020 21:34
4210
27.05.2020 16:36
4258
Популярное
Аиааира аҧышәа ҽхәара амаӡам: Валери Кәарҷиа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа Аиааира Амшныҳәа рыдиныҳәалеит
65
09.05.2020 09:25
“Германтәи афашизм иаиааиз, акыр амыҟәмабарақәа зхызгаз шәҿаҧхьа ҳхырхәоит”, – ҳәа иаҳәоит адныҳәаларатә шәҟәы аҿы.
Аҟәа. Лаҵарамза 9. Аҧсныпресс. Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа Аиааира Амшныҳәа рыдиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә шәҟәы аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
“Акыр иаҳзаҧсоу Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа!
Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала хаҭала Шәареи, шәыуацәеи шәҭахцәеи гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира Амшныҳәа!
Зегьы рзы игәаларшәагоу ари Амш – Лаҵарамза 9, 1945 шықәса ҩнаҭацыҧхьаӡа иаанагеит аҭынчреи, агәырӷьареи, агәадуреи, ирыцәҭахаз рзы агәырҩеи.
Германтәи афашизм иаиааиз, акыр амыҟәмабарақәа зхызгаз шәҿаҧхьа ҳхырхоит.
Аибашьра адәы аҿы иҭахази, аҭынч ҧсҭазаара анышьақәгыла ашьҭахьгьы зыҧсҭазаара иалҵыз аветеранцәеи ргәалашәара наунагӡоуп. Урҭ зегьы абиҧарак аҟынтәи даҽа биҧарак ахь ииасуа ҳгәаҵаҿы иаанхоит.
Аиааира аҧышәа ҽхәара амаӡам. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа азы агәалашәара – ари ҳакзаара зырӷәӷәо, аҭынч ҧсҭазаара зҭаху зегьы еидызкыло мчуп. Ҳара 1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраан Ҳаҧсадгьыл ахақәиҭреи ахьыҧшымреи рыхьчарала уи даараӡа ибзианы еилаҳкааит.
Акыр иаҳзаҧсоу аветеранцәа, Шәара – ҳара ҳазгәдуу биҧароуп. Шәара ишәҿыҧшны еиҵагыло аҿар абзиабара, афырхаҵара, агәеицамкра, уҳәа иреиӷьу ауаҩытәыҩса иҟазшьақәа рыларааӡоит. Гәык-ҧсыкала агәабзиара, агәалаҟазаара бзиа, аҭынчра, анасыҧ, Аҧсны жәлар зегьы аизҳазыӷьара шәзеиӷьаҳшьоит”.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа
Асаит аҿы икьыԥхьу аматериалқәа рзы азин амазаара, автортә зини, егьырҭ еизырхоу азинқәеи ирызкәу аԥсуеи жәларбжьаратәи азакәанԥҵарала ихьчоуп. Асаит аҿы иҟоу иарбанызаалак аудио, афото, авидео материалқәа рхархәара, уи амазаара азы азин змоу рақәшаҳаҭхарала, мамзаргьы, www.apsnypress.info ахь азхьарԥш аҟаҵарала иҟалар алшоит. Аинтернет аҟны атексттә материалқәа инагӡаны, мамзаргьы хәҭа-хәҭала ахкьыԥхьраан, www.apsnypress.info ахь ихарҭәаау азхьарԥш аҟаҵара хымԥадатәиуп.