27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Аиааира апроспект аҿы асоциалтә ӡырга зныԥшуа аплакатқәа цәырҵит
565
19.02.2015 16:52
Асоциалтә ӡырга афестиваль ”Новый взгляд” аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҟәа ақалақь Ахадара амчала, Аиааира апроспект иаҵанакуа аӡыргаҭыԥқәа рҿы, асоциалтә ӡыргатә банерқәа шьақәыргылоуп.
Аҟәа .Февраль 19. Аԥсныпресс. Аплакатқәа афестиваль “Новый взгляд” алахәылацәа рзы ҿырԥшыга ҳасабла ауп ишышьақәыргылоу. Урҭ реиқәршәара рхы аладырхәит Аҟәа ақалақь Ахадара архитектура аусбарҭа асахьаҭыхыҩ хада Ҭемыр Ҟаиҭан, Аԥснытәи Анаука - ҭҵааратә Институт абызшәадырра аспециалистцәа, аӡыргаҭаратә маҵзура “di Graphic”ахаҭарнакцәа.
Асоциалтә ӡырга афестиваль “Новый взгляд”, Аҟәа ақалақь аинициативалеи, амобилтә еимадара Еилакы “Аквафон–GSM”иҟанаҵаз аспонсортә дгылареи ирыбзоураны, ианар 12 инаркны март 26- нӡа имҩаԥгахоит.
Афестиваль аконкурстә программа аҽалархәразы аҿахәҳәагақәа Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Акомитет, мамзаргьы асаит www.novyvzglyad.com. аҿы ирыдыркылоит.
Афестиваль, 14 шықәса рҟынтәи 80 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аҟазара знапы алакәу ауаа рхы аладырхәыр ҟалоит. Ақьаад иалхәу еиԥш, амультимедиатә усумҭақәагьы рыдыркылоит. Аконкурс аҿы аиааира згаз, аԥаратә ҳамҭақәа ранашьахоит. Урҭ русумҭақәа ракәзар, афестиваль асаити, егьырҭ асоциалтә саитқәеи рҿы ирыладырҵәоит.
Аԥхьахәтә фонд 60. 000 мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Аҟәа аҳҭнықалақь Ахадара ахада инапынҵақәа назыгӡо ихаҭыԥуаҩ Ксениа Ирисова лажәақәа рыла , аинициативра злоу ақалақь ауааԥсыра раарԥшреи, урҭ џьарак реизгареи, иара убас ауаажәлар иҟоу асоциалтә проблемақәа рызхьарԥшра - афестиваль ахықәкы хаданы иҟоуп.
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа





























