Ажәабжьқәа

Популярное

“Ахьӡ-Аҧша” III аҩаӡара аорден анашьаразы Аусҧҟақәа ҭыжьуп

789
21.11.2016 11:43
“Ахьӡ-Аҧша” III  аҩаӡара аорден анашьаразы Аусҧҟақәа ҭыжьуп
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба аорден «Ахьӡ-Аҧша» III аҩаӡара анашьаразы Аусҧҟақәа инапы рыҵиҩит.

Аҟәа. Абҵарамза 21. Аҧсныпресс. Аусҧҟақәа инарықәыршәаны:

– Иҳараку хаҭалатәи аихьӡарақәеи, Аҧсны аспорт аҿиара аҿы илагалеи рзы аҽыбҕаҟазатә спорт азы зҽаҧсазтәыз азыҟаҵаҩ Леонид Џыџь-иҧа Барганџьиа “Ахьӡ-Аҧша” III аҩаӡара аорден ианашьоуп;

– Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылахьчареи ашәарҭадареи рырҕәҕәара аҿы илагала ду азы Константин Антон-иҧа Ҧарулуа аорден “Ахьӡ-Аҧша” III аҩаӡара ианашьоуп;

– Аҧсны Аҳәынтқарра аҿы ауаажәларра-политикатә ҧсҭазаара активла алахәхареи амилаҭтә-хақәиҭтәратә қәҧареи рҿы илагала ду азы Мсас Ҳаџьым-иҧа Барцыц “Ахьӡ-Аҧша” III аҩаӡара аорден ианашьоуп;

– Шықәсырацәалатәи иусура ламысцқьала азнеиреи, иҳараку изанааҭтә ҩаӡареи рзы, Аҟәа араион аҿы иҟоу, ақыҭанхамҩатә муниципалтә-унитартә наплакы “Ешыра” аограном хада Анҭил Шахан-иҧа Мархолиа “Ахьӡ-Аҧша” III аҩаӡара аорден ианашьоуп;

– Аҧсуа-аурыс алитературатә еизыҟазаашьақәа рыҿиараҿы илагала ду азы Михаил Исаак-иҧа Синельников “Ахьӡ-Аҧша” III аҩаӡара аорден ианашьоуп.

Абри атәы аанацҳауеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа