Ажәабжьқәа

Популярное

Ажәабжьқәа

27.03.2015 14:36
Аҧсны атәылахьчара Аминистрра аҿы Аҧсны  аџьынџьтәылатәи еибашьра Афырхаҵа Мушьни Хәарцкиа  диижьҭеи 60 шықәса аҵра иазку аусмҩаҧгатәқәа мҩаҧысит.
27.03.2015 13:43
Иахьа, март 27, Адунеизегьтәи атеатр амш азгәарҭеит.
27.03.2015 12:03
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба  Аџьынџьтәылатәи Еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара 70 - шықәса аҵра иазкны  имҩаҧысыз V-тәи Урыстәылазегьтәи карате азы ахәмаррақәа ирылахәыз аспортсменцәа дырҧылеит.
27.03.2015 11:44
Акомпозитор ари амш аҽны аҟазаратә мчи арҿиаратә гәҭакқәеи рыла дҭәуп.
26.03.2015 17:46
Ҿыц еиҵагылоу адипломат ҿарацәа рабиҧара, Аҧсни Урыстәылеи рыстратегиатә еиҩызареи русеицуреи иазку аус аҿы хра злоу аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара рылыршара ҳара ҳзы даара акраҵанакуеит.
26.03.2015 15:27
Гал араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Ҭемыр Надараиа иажәалагалала имҩаҧгаз азҵаара алҵшәақәа инарықәыршәаны, зҿахәы зҿырхыз 18 нызқьҩык Гал араион иқәынхо ауааҧсыра рахьтә – 17 372 – Қырҭтәыла атәылауаа шракәу еилкаахеит.
26.03.2015 14:44
Аҧснытәи Амилаҭтә Банк Ақыҭанхамҩатә банк аҧҵаразы адҵа аиуит.
26.03.2015 14:17
“Аулафахәқәеи атәанчаҩхәқәеи рышьҭыхра, Жәлар Реизара аума, Аҳәынҭқарра Ахада иоума, дазусҭазаалакгьы ихала  аӡәгьы ишизышьҭымхуа хымҧада еилкаатәуп. Ашәахтәқәа ршәара иацәымцалатәуп, аекономика иаарту  аусуратә ҭагылазаашьа аҧҵара аҭахуп”, - ҳәа иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.  
26.03.2015 14:17
Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, афымцамч мҩангагақәа рҭагылазаашьа аиҕьтәразы, 700 000 000 мааҭ азоужьуп.
26.03.2015 13:02
Беслан Быҭәба изкны акәзар, – уи усуратә ҭагылазаашьоуп, аӡәгьы аган давахом” – Аҧсны Ахада.

Страницы: Пред. 1 ... 483 484 485 486 487 ... 564 След.

Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа