27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Ахылаҧшыдара апрофилактика азы Азакәан аус адулара мҩаҧысуеит
489
28.06.2018 12:53
Апарламент аилатәара аҿы Азакәан апроект актәи аҧхьараҿы ирыдыркылеит.
Аҟәа. Рашәарамза 28. Аҧсныпресс. Елена Полуиан. Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент аилатәара аҿы “Зықәра наӡам рыла ацәгьоурақәа рыҧхьырҟәҟәаареи ахылаҧшыдара апрофилактикеи рсистема ашьаҭақәа рзы” Азакәан апроект иахәаҧшит. Азакәан апроект адгалара мҩаҧигеит асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи, адемографиеи, аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи русқәа рзы Аилак ахантәаҩы Алхас Џьынџьал.
Алхас Џьынџьал иажәақәа рыла, иарбоу Азакәан апроект ахылаҧшыдара апрофилактика амҩаҧгараан аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русеицура аҳәаақәҵара иазырхоуп.
Жәлар Реизара – Апарламент аҿы Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭарнак Дмитри Шамба иҟаиҵаз алкаақәа рыла, ари аусшәҟәы азакәанҧҵара аҿы иҟоу абжьаха нанагӡоит. “Ари аусура ҳәаақәызҵо иаку азакәан уажәраанӡа иҟаӡамызт. Аха убасҵәҟьа ҳзакәан баша ақьаад аҿы иаанымхарц азы, иҟоу аусмҩаҧгатәқәа зегьы рфинанстәра иадҳәалоу азҵаарагьы иахәаҧштәуп”, – ҳәа иҳәеит Дмитри Шамба .
Азакәан апроект актәи аҧхьараҿы ирыдыркылеит.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа