27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Акциа “Афырхацәа рымҩала” аҳәаақәа ирҭагӡаны Дамхәырц аҩхаа ахь ахалара хыркәшан
586
17.08.2015 15:19
Абри амҩа ала 23 шықәса раԥхьа аԥсуа жәлар ацхыраара рыҭара азы Нхыҵ-Кавказнтәи хатәгәаԥхарала еибашьара иаауан ҳашьцәа.
Аҟәа. Август 17. Аԥсныпресс. Дамхәырц аҩхаа – Аԥсны шьхатәыла иаҵанакуа Кавказтәи ашьхеибаркыра хада иалсуа аҩхаақәа 14 ируакуп. Урҭ рыҳаракыра амшын аҩаӡара ахыхь 2300 инаркны 3000 метра рҟынӡа инаӡоит. Урҭ реиҳарак рҟынӡа анаӡара уадаҩуп. Абри амҩа ала 23 шықәса раԥхьа аԥсуа жәлар ацхыраара рыҭара азы Нхыҵ-Кавказнтәи хатәгәаԥхарала еибашьара иаауан ҳашьцәа. Уаҵәҟьа ауп Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аан иҭахаз аибашьцәеи Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аан аԥсуа жәлар ирывагыланы хатәгәаԥхарала ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа иреибашьуаз Нхыҵ-Кавказтәи аруааи рбаҟақәа ахьышьақәыргылоу.
Дамхәырц аҩхаа азааигәара Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭқарратә ҳәаа ииасуеит.
Ауадҳара аҟынтәи Дамхәырц адҳәыԥшра аҟынӡа ацара 5 сааҭқ уадхалоит. Апроект “Афырхацәа рымҩала” аҳәаақәа ирҭагӡаны (аиҿкааҩ – аҿар рполитика азы Аҳәынҭқарратә еилакы), 30-ҩык арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи, хатәгәаԥхарала еибашьра иааз аибашьцәа ҳаҭырқәҵарала ргәаларшәара азы иарбоу аҭыԥ аҟынӡа инаӡеит.
“Ари ҳфырхацәа ргәалашәара азы иҳалҳаршаша имаҷу аҳәҭа ауп. Аҭынч аамҭа азы абри амҩа анысра ауадаҩреи ашәарҭареи ацӡам, аха ҳҭоурых иаҳа иааигәаны анырра, Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы зхы иамеигӡаз ҳгәалаҳаршәарц аҭагылазаашьа ҳамоуп”, – ҳәа иҳәеит апроект алахәылаҩцәа руаӡәк.
“Ҳҿар изнысыз амҩа мариамызт, аха уи акәӡам ихадароу, аус злоу, ари дара рзы баша ныҟәарамызт, урҭ ирдыруеит уи зызкыз, ҳфырхацәа иаадырԥшыз агәымшәара еилыркаауеит”, – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аҿар рполитика азы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Алиас Аҩӡба.
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа





























