27.07.2020 14:29
772
23.07.2020 17:30
701
23.07.2020 16:39
687
23.07.2020 14:33
659
23.07.2020 14:20
661
23.07.2020 10:36
673
09.06.2020 18:12
2943
09.06.2020 15:47
2907
08.06.2020 21:03
2869
01.06.2020 18:12
3390
01.06.2020 17:31
3392
01.06.2020 16:00
3359
27.05.2020 21:34
4206
27.05.2020 16:36
4252
Популярное
Алеқсандр Анқәаб Аҧсны аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа Рфонд аусура аеффективра азҵаарақәа рзы аилатәара мҩаҧигеит
3991
26.05.2020 17:03
Аҧыза-министр Афонд аусура аиӷьтәра иазкны адҵақәа ҟаиҵеит, иара убас абиуџьеттә закәанҧҵара аилагара азы аинформациа ахәаҧшра азы анапынҵақәа риҭеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 26. Аҧсныпресс. Аҧсны Аҳәынҭқарра аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб 1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рзинқәа рыхьчара азҵаарақәа рзы аилатәара мҩаҧигеит.
Ахәҭакахьала, аинвалидцәа Рфонд аусуреи, Афонд ахылаҧшра аҵаҟа иҟоу рзинқәа рыхьчареи ирылацәажәеит.
Аилатәара рхы аладырхәит аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба, аминистрцәа Реилазаара аппарат анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Давид Сангәлиа, афинансқәа Рминистрра аконтрол-ревизиатә Усбарҭа азиндырҩы хада Адамыр Черқезиа.
Афинансқәа Рминистрра аконтрол-ревизиатә Усбарҭа ахаҭарнак хәажәкырамза 11, 2020 шықәсазы имҩаҧгаз агәаҭара азы адыррақәа ааигеит, Афонд абиуџьет ахәашәалахәытә хәҭа анагӡаразы анализ ҟаиҵеит, Афонд ахылаҧшра зырҭо рганахьала аматериалтә цхыраара рыҭара, рыхәшәтәра, хәшәыла реиқәыршәара, иара убас ихадоу аҧаратә хархәагақәа раудит ала иҟоу аилагарақәа рзы адырра ҟаиҵеит.
Адамыр Черқезиа иажәақәа рыла, 2019 шықәсазы афинанстә еилагарақәа зегьы рыла азеиҧш еицҵалыҵ 33 млн 517 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Алеқсандр Анқәаб аилатәара иалахәыз, аинвалидцәа ирымоу азинҷыда инақәыршәаны хәшәыла реиқәыршәара апроцесс аҭышәынтәалара азы атәыла Анапхгара азинтә шәҟәынҵақәа ринвентаризациа амҩаҧгара, Афонд ахылаҧшра аҵаҟа иҟоу рсоциалтә еиқәыршәара (амедицинатә маҵзура, усурала аиқәыршәара, уҳәа) иазырхоу аусмҩаҧгатәқәа рзы аҧҟарақәа рышьақәырӷәӷәара, аинвалидцәа рассоциациа аусура аеффективра анализ азура, Афонд амедицинатәи, иара убас егьырҭ аиҿкаарақәеи рҿаҧхьа иақәу ауал аҭагылазаашьа аилкаара, уҳәа азы анапынҵақәа риҭеит.
“Рыцҳарас иҟалаз, шәареи ҳареи иахьатәи ҳаиҧылара Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа Афонд аусуразы иаадырҧшуа агәынамӡара иадҳәалоуп. Аинвалидцәа ацхырара рыҭара шымҩаҧысуа, уи дара рҟынӡа ишнеиуа, иазоужьхо ацхыраара ашәагаақәа зеиҧшроу, убри аан уи аусшәҟәқәас иацу, уҳәа аилкаара хымҧадатәиуп”, – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла аҧыза-министр.
Аҧыза-минитр Афонд аусура аиӷьтәра иазкны адҵақәа ҟаиҵеит, иара убас абиуџьеттә закәанҧҵареи абиуџьеттә зинттә еизыҟазаашьақәа шьақәзыргыло егьырҭ азинтә шәҟәынҵақәеи реилагара азы аинформациа аҭҵаареи, урҭ рҧырҟәҟәаареи рзы анапынҵақәа риҭеит.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа
Асаит аҿы икьыԥхьу аматериалқәа рзы азин амазаара, автортә зини, егьырҭ еизырхоу азинқәеи ирызкәу аԥсуеи жәларбжьаратәи азакәанԥҵарала ихьчоуп. Асаит аҿы иҟоу иарбанызаалак аудио, афото, авидео материалқәа рхархәара, уи амазаара азы азин змоу рақәшаҳаҭхарала, мамзаргьы, www.apsnypress.info ахь азхьарԥш аҟаҵарала иҟалар алшоит. Аинтернет аҟны атексттә материалқәа инагӡаны, мамзаргьы хәҭа-хәҭала ахкьыԥхьраан, www.apsnypress.info ахь ихарҭәаау азхьарԥш аҟаҵара хымԥадатәиуп.