27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Алеқсандр Анқәаб Аҧсны амедиаҳәшьцәа дрыдныҳәалеит: шәара ҩаҧхьа аҿагылара раҧхьатәи ацәаҳәа аҟны шәыҟоуп
119
12.05.2020 13:22
Иахьа адунеи зегьы аҿы иазгәарҭоит Жәларбжьаратәи амедиаҳәшьцәа рымш.
Аҟәа. Лаҵарамза 12. Аҧсныпресс. Атәыла аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб ареспублика амедиаҳәшьцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә шәҟәы аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
“Иахьа адунеи зегьы аҿы иазгәарҭоит Жәларбжьаратәи амедиаҳәшьцәа рымш.
Агәабзиара – зегьы иреиҳау малуп, уи ада ауаа насыҧла, гәырӷьарыла иҭәу аҧсҭазаара роураны иҟам. Машәыршақә иҟамлеит, шәара шәмаҵзура агәабзиарахьчара асистема хадара злоу хәҭаны аҟалара. Ачымазцәа рбара аганахьала аидара аиҳарак зқәыӷәӷәо амедиаҳәшьцәа шәоуп. Шәара шәоуп аҳақьым иабжьгарақәа зегьы рынагӡара алзыршо. Ишәымоу аквалификациа, ламысла, ҭакҧхықәрала аусура азнеишьа, гәыблыла ачымазаҩ ибара, ауадаҩрақәа риааира азхиара ишиашоу иадҳәалоуп ауаҩы игәабзиара.
Агәыҳалалра ала ишьаҭаркуп Шәара Флоренс Найтингел иидеиақәа рықәныҟәарала иалышәхыз, зегьы реиҳа иҳалалу азанааҭқәа иреиуоу амедиаҳәшьа лзанааҭ.
Абар уажәгьы, адунеи аҿы зегьы акыр ишәарҭоу акоронавирус апандемиа аныҟоу, шәара ҩаҧхьа аҿагылара раҧхьатәи ацәаҳәа аҟны шәыҟоуп. Аха сара агәра ганы сыҟоуп, Шәара иҟашәҵо ацхыраарала ҳара ари апроблемагьы хымҧада ҳшаиааиуа.
Шәзанааҭныҳәа инамаданы сыхьӡала гәык-ҧсыкала адныҳәаларақәа шәыдышәкыл.
Ишәзеиӷьасшьоит агәамчи, шәдыррақәеи шәқьиареи згәабзиара аҭагылазаашьа иадҳәалоу рҟынтәи ишәықәнагоу аџьшьарақәеи.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа