Ажәабжьқәа

Популярное

Алеқсандр Анқәаб ахимиатә маҭәашьарқәа ишәарҭадоу аҵәахра азҵаарақәа рзы аилатәара мҩаҧигеит

71
06.05.2020 14:48
Алеқсандр Анқәаб ахимиатә маҭәашьарқәа ишәарҭадоу аҵәахра азҵаарақәа рзы аилатәара мҩаҧигеит
Аилатәара рхы аладырхәит иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра, анаукаҭҵааратә институтқәа, егьырҭ аструктурақәа рхаҭарнагкцәа.

Аҟәа. Лаҵарамза 6. Аҧсныпресс. Аҧсны аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб Иҷыдору аҭагылазаашьақәа рминистр Лев Кәыҵниа, Аҟәатәи афизика-техникатә Институт адиректор Анатоли Марколиа, Аексперименталтә патологиеи атерапиеи рзы Анаука-ҭҵааратә Интитут адиректор Зураб Амқәаб, уҳәа егьырҭ аспециалистцәеи алархәны, ареспублика аҿы  ахимиатә маҭәашьарқәа ишәарҭадоу аҵәахра азҵаарақәа ирыдҳәаланы Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра инанагӡо аусура азы аусуратә еилатәара мҩаҧигеит.

Аацҳамҭа излаанацҳауа ала, аилатәара аҿы аобиектқәа ртехникатә мазареи, иара убас ахархәара зауа, мамзаргьы аутилизациа ззутәу ахимиатә маҭәашьарқәеи ринвентаризациа амҩаҧгара иазку азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Атәыла Анапхгара ахада аобиектқәа рҿы иҟоу амаҭәашьарқәа реиқәыҧхьаӡара, ашәарҭадара арегламент аиқәаршәара, ахимиатә маҭәашьарқәеи аинвентари асанитар-гигиенатә нормақәа зегьы ирықәшәо, ишахәҭоу ала ашьҭаҵареи аҵәахреи ирызку аусмҩаҧгатәқәа ркомплекс иахәҭакны иҟалоит.

Аилатәара ахыркәшамҭаз иахәҭоу анапынҵақәеи азҧхьанҵақәеи рыҭан: Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра анапхгарала, анапхгарабжьаратәи аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны, аматериалқәа реихшареи рыҵәахреи реиҿкаара азы аусмҩаҧгатәқәа рыплан аиқәыршәареи адгалареи мҩаҧгатәуп.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа