Ажәабжьқәа

Популярное

Алеқсандр Анқәаб Аполлон Думаа дидикылеит

3795
27.05.2020 12:20
Алеқсандр Анқәаб Аполлон Думаа дидикылеит
Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министри Очамчыра араион абыргцәа Рхеилак ахантәаҩыи аҳәынҭқарра аҿы итрадициатәу аҧсуа институтқәа рыҿиара иалацәажәеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 27. Аҧсныпресс. Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб Очамчыра араион абыргцәа Рхеилак ахантәаҩы Аполлон Думаа дидикылеит. Абри атәы аанацҳауеит Аҧсны аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит аҿы.

Аацҳамҭа излаанацҳауа ала, аиҧылара аҿы абыргцәа Рхеилак ауаажәларра рдоуҳатәи рлеишәатәи ашьақәгылашьеи, еиҵагыло аҿар реиҵааӡареи, рҿы инанагӡо ароль, аҧсуа бызшәа аҿиара, иара убас Ахеилак аусура аиҿкаратә зҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аиҧылараҿы, Араионтә абыргцәа Рхеилакқәеи аҳәынҭқарратә структурақәеи, ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рыбжьара аусеицура арӷәӷәара, еиуеиҧшым аконфликтқәа рыӡбара аеффективреи, аҳәынҭқарраҿы аҧсуа традициатә институтқәа рҵаки реиизырҳара алнаршар ауеит ҳәа инаҵшьны иазгәаҭан.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа