Ажәабжьқәа

Популярное

Алеқсандр Анқәаб Даур Кәырмазиа дидикылеит

205
13.05.2020 15:35
Алеқсандр Анқәаб Даур Кәырмазиа дидикылеит
Аҧсны ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рминистр лаҵарамза актәи амчыбжь иалагӡаны имҩаҧгоу аусуразы аҳасабырба ҟаиҵеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 13. Аҧсныпресс. Алеқсандр Анқәаб атәыла ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рминистр Даур Кәырмазиа дидикылеит. Аиҧылараҿы аҧыза-министр ашәахтә лагалақәеи ашәахтә уал алхреи ирыдҳәалаз азҵарақәа дырзааҭгылеит. Абри атәы аанацҳауеит аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.

Аминистр атәыла Анапхгара ахада лаҵарамза актәи амчыбжь азы имҩаҧгоу аусуразы адырра ииҭеит: “Ашәахтә шәатәқәа зегьы рыла абиуџьет иалагалахеит 59 млн мааҭ. Убри аан, Аҧсны абанкқәа рыла даҽа  55 млн мааҭ рҟынӡа инаӡо ашәахтә шәатәқәа ирыдҳәалоу аоперациақәа рынагӡара алыршан. Ари аицҵалыҵ ааигәа ашәахтә ҳасабырбақәеи абиуџьети иарбахоит”.

Даур Кәырмазиа ишазгәеиҭаз ала, лаҵарамзазы уаанӡа иазҧхьагәаҭаз 190 млн мааҭ рҟынтәи фактла иалагалахо ашәахтә шәатәқәа акыр еиҵахоит. Уи иажәақәа рыла, мшаҧымзазы “аиҵакра” аицҵалыҵ 105 млн мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Еиҳау арбагақәа аарҧшуп Аҟәа ақалақь аҿы, араҟа азымхара аицҵалыҵ 63 млн.мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Гагра ақалақь аҿы акәзар – 23 млн мааҭ.

Иара убас, Даур Кәырмазиа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, Аминистрра ашәахтә лагалақәеи ашәахтә уал алхреи ирыдҳәаланы имҩаҧнагаз аусура азы аҳасабырбара аиқәыршәара азы атәыла аҧыза-министр иҟаиҵаз Адҵа ала, ашәахтәеизгаратә Халаҧшырҭа иара убас  аиустициа Аминистрра иатәу аӡбаратә нагӡаҩцәа Рмаҵзурахьы аматериалқәа дәықәнаҵоит.

“Есҧшьбарак рзы ҳара атәыла Анапхгарахь аҳасабырба наҳашьҭуеит, иахьа сара 2018 шықәсазтәи ҳусуразы шәҿаҧхьа аҳасабырба ҟасҵоит. Аӡбаратә нагӡаҩцәа рахь идәықәҵоу аматериалқәа ааизакны 200-ҩык ашәахтәшәаҩцәа ирызкуп, убри аан урҭ иықәу ашәахтә уал азеиҧш аицҵалыҵ 132 млн мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Аӡбаратә уснагӡаҩцәа аус рыцура аамҭахәҭа иалагӡаны, ашәахтә уал зықәны уи ашәара иалагаз рхыҧхьаӡара иааубаратәы иазҳаит”, – ҳәа иҳәеит аминистр.

Аиҧылара ахыркәшамҭаз, аҧыза-министр, анаҩс аекономика аҿы ахашәалахәытә цәыӡ аиҵатәра азы анапхгарабжьаратәи ҭышәынтәалара аҳәаақәа ирҭагӡаны, афинансқәа Рминистрреи аекономика Аминистрреи аус рыцурара ацҵаразы азҧхьанҵа ҟаиҵеит.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа