Ажәабжьқәа

Популярное

Алеқсандр Анқәаб Денис Пушилин иира Амш идиныҳәалеит

69
09.05.2020 12:40
Алеқсандр  Анқәаб  Денис Пушилин иира Амш идиныҳәалеит
“Ареспублика Аҧсны Шәара зегьы шәырдыруеит, патугьы шәықәырҵоит, агәрагьы ргоит хҳәынҭқарреи Донецктәи Жәлартә Республикеи ирыбжьоу аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа еиҳа ишыӷәӷәахо”, – ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә шәҟәы аҿы.

Аҟәа. Лаҵарамза 9. Аҧсныпресс. Аҧсны аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб Донецктәи Жәлартә Республика Ахада Денис Пушилин  иира Амш инамаданы адныҳәаларатә шәҟәы дәықәиҵеит:

“Ҳаҭыр зқәу Денис Владимир-иҧа, шәира Амш инамаданы гәык-ҧсыкала адныҳәалара шәыдышәкыл.

Шәара шәзы игәырӷьароу ари амш аҽны ҳара агәабзиара, агәамч, арегион аҿы аҭынчреи аиашареи рышьақәгылара иазырхоу аусураҿы аманшәалареи ақәҿиарақәеи шәзеиӷьаҳшьоит.

Ареспублика Аҧсны Шәара зегьы шәырдыруеит, патугьы шәықәырҵоит, агәрагьы ргоит хҳәынҭқарреи Донецктәи Жәлартә Республикеи ирыбжьоу аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа еиҳа ишыӷәӷәахо”, – ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә шәҟәы аҿы.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа