Александр Анқәаб Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра гәыԥҩык аветеранцәа «Агәымшәаразы» амедал ранеишьеит
Ахәашаҽны, цәыббрамза 13 рзы Аҳәынҭқарра ахада Иадминистрациаҿы аибашьратә ҳамҭақәа ранашьаразы аусмҩаԥгатә еиҿкаан.
Александр Анқәаб Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра гәыԥҩык аветеранцәа аибашьратә ҳамҭақәа ранеишьеит, иааигәахаз аиубилеи рыдиныҳәалеит, - аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иҿы иҟоу Аинформациатә усбарҭа.
«Ажәлар зегьы аԥсҭазаара бзиа ахьроуа аҳәынҭқарра еицҳаргылароуп ҳарҭ зегьы ҳаидгыланы, уи азы ауп ишәыцеибашьуаз рыԥсы иамеигӡакәа изеибашьуаз»,- иҳәеит Александр Анқәаб.
Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы 1992-1993 ш. иаарԥшыз афырхаҵареи агәымшәареи рзы «Агәымшәаразы» амедал ранашьоуп: Аиба Анатоли, Варданиа Далбеи, Бебиа Гарри, Бжьаниа Роман, Бигәаа Вадико, Ӷорзолиа Индико, Ҷанба Инвер, Чкадуа Валери, Кьышмариа Леонид, Табаӷәуа Роман, Учаа Витали, Цурцумиа Арзаабеи, Цымцба Лавренти, Пачлиа Ҭенгиз.





























