Александр Хлопонин: «Аԥсни урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рҽырыԥсахит, еиҳагь уақәгәыӷыртә иҟалеит, иӷәӷәахеит»
«Аԥсни урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рҽырыԥсахит, еиҳагьы уақәгәыӷыртә иҟалеит, иӷәӷәахеит»,- абас ахәшьара аиҭеит аԥсуа-аурыстә еизыҟазаашьақәа рыҟны Урыстәылатәи Афедерациа ахада ихаҭарнак, Урыстәылатәи Афедерациа ахада Нхыҵ Кавказтәи афедералтә ҟәша аҿы ихаҭарнак Александр Хлопонини, Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциалтә-економикатә ҿиаразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа афбатәи аилатәараҿы.
«Сара даара исгәаԥхеит, иахьа аспециалистцәа рыбжьара, адокументқәеи аматериалқәеи, апроекттә-сметатә документациеи рҿы аилибакаара бзиа ахьыҟаз. Урҭ ауаа бызшәак ала еицәажәоит, еилибакаауеит. Уи иармариоит аиқәшаҳаҭрақәа ирласны анапхьы раагара, еиҳарак астратегиатә ҟазшьа змоу азҵаарақәа рҿы. Убри азы ауп сара изысыԥхьаӡо даара ибзианы аусура ҳалагеит ҳәа»,- азгәеиҭеит иара.
Хлпонини иҳәеит иӡбаны ишышьҭырхыз 2013 шықәсазы афинанстә цхыраара аҟаҵара 628 миллион мааҭ, аԥсуа ган иҟанаҵаз ажәалагала инақәыршәаны. 2013ш. Урыстәыла иҟанаҵо ацхыраара наӡоит 1,803 миллиард мааҭ.
«Иахьа еиҿкаау афинанстә цхыраара атәы ҳҳәозар, ҳхыдҵақәа зегьы нҭырҳәыцәааны инаҳагӡоит. ҳара ҳақәшаҳаҭхеит асоцилатә-економикатә ҿиаразы Аԥсны Аҳәынҭқарра азы аинвестициатә программа анагагӡара»,- иҳәеит иара.
«Адунеи аҿы аекономикатә ҭагылазаашьа шуадаҩугьы, Урыстәыла Мрагыларахьтәи атәыла ҿацә аҟны аҭагылазаашьа шуадаҩугьы, ҳрепублика асоциал-економикатә ҿиаразы Урыстәыла иҟанаҵо ацхыраара еиҳагьы иацнаҵоит. Уи ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит, убри азы ауп ҭакԥхықәрала ҳзазныҟәоугьы»,- ҳәа реиҳәеит ажурналистцәа Аԥсны аԥыза-министр Леонид Лакербаиа.
Александр Хлопонини аурыс-аԥсуа еиҳабырабжьаратә комиссиа аусушьа бзиоуп ҳәа ахиҳәааит. "Ҳарҭ зегьы иаҳҭахуп аекономикеи асоциалтә инфраструктуреи ӷәӷәахарц. Ҳара иаадыруеит иарбан ҩнаҭоу, иарбан школу изыцхыраатәу, иарбан маҭәахәу иаахәатәу. Ҳара иаҳҭаху зегьы рынагӡара ҳалшоит»,- иҳәеит Александр Хлопонин.





























