27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Алиас Аҩӡба: Аҧсадгьыли арратә маҵзуреи рыбзиабара дыркра алагерь ахықәкы хада ауп
670
17.08.2015 12:22
Арратә патриоттә лагерь “Аԥсны Ҿа – 2015” Кәыдрытәи аҩхаа аҿы 9 мшы ирылагӡаны имҩаԥысуеит.
Аҟәа. Август 17. Аԥсныпресс. Аҟәа Аҳақәиҭра ашҭа аҿы арратә патриоттә лагерь “Аԥсны Ҿа – 2015” алахәылаҩцәа еизет, уи 110-ҩык алалеит, (урҭ рҟынтәи 30-ҩык аиҿкааратә еилазаара). Алагерь 9 мшы имҩаԥыслоит. Алахәылаҩцәа рықәратә категориа 17 шықәса зхыҵуа инадыркны 25 шықәса рҟынӡа зхыҵуа, урҭ ашкол аиҳабыратә клаасқәа рҵаҩцәа, астудентцәа, аҿарацәа, иара убас арратә маҵзура иахымсыц арԥарцәагьы. Аҿар рполитика азы Аҳәынҭқарратә еилаки атәылахьчара Аминистрреи апроект еиҿыркаауеит. Алагерь аусура аамҭа иалагӡаны уи 500-ҩык инарзынаҧшуа аҿар аҭааит.
“Алагерь апрограмма акыр енеиҵыхуп, арҭ жәымшы ирылагӡаны арҧарцәа аруаҩ қәыҧш изыҟаҵаратә курс иахысит. Апрограмма арҵаратә хәҭагьы алоуп. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны арҧарцәа Аҧсни Кавкази рҭоурых азы, “Аҧсуара” аныҟәгара азы, уҳәа еиуеиҧшым алекциақәа ирзыӡырҩуит. Еиҵагыло ахьыбҿар Рыҧсадгьыл ахь абзиабара, уи ахьчара азхиара, апатриотизм рылаӡаара – алагерь ахықәкы хаданы иҟоуп”, ҳәа “Аҧсныпресс” акорреспондент диҽцәажәо иазгәеиҭеит аҿар рполитика азы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Алиас Аҩӡба.
“Ҳара ҳабацәеи ҳабдуцәеи есымша ашьхара ҷыдала иазнеиуан. Уахь ианцозгьы имныҳәакәа амҩа иқәломызт. Ашьхара иамоу аҧшӡара уагәыланахалоит, аха есымша агәыҽанызаара уцзароуп. Ашьхара шәыҟанаҵы наҟ-наҟ ишәыхәаша адырра ҿыцқәа, аҩызцәа иашақәа шшәырҳауа агәра ганы сыҟоуп. Аманшәалареи ақәҿиара дуқәеи гәыкала ишәзеиҕьасшьоит”, – ҳәа иҳәеит аизгарақәа зыҽрылазырхәыз, хаҭала апроект ахылаҧшра азҭо, аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Шамиль Аӡынба.
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа





























