27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Алықьса Гогәуа 84 шықәса ихыҵит
972
18.03.2016 15:15
Хәажәкыра 15 рзы Дырмит Гәлиа ихьӡ зху апремиа алауреат, Аԥсны зҿаԥсазтәыз акультура аусзуҩы, Ажәларқәа рдоуҳатә акзаара адунеи Жәларбжьаратәи академиа алахәыла, Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа 84 шықәса ихыҵра инамаданы, Д. Гәлиа ихьӡ зху аҩны-музеи аҿы ахәылԥаз мҩаԥган.
Аҟәа. Хәажәкыра 18. Аԥсныпресс. Саид Џьарсалиа. Аусмҩаԥгатә иаҭааит Аԥсны аԥыза-аминистр Артур Амқәаб, Аԥсны акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынхақәеи рыхьчаразы аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа, уи лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиа, ауаажәларратә усзуҩцәа, ашәҟәыҩҩцәа, апоетцәа, астудентцәа, ашколхәыҷқәа.
“Сара схы иадысныҳәалоит, абас еиԥш иҟоу ашәҟәыҩҩы аамҭак сахьицииз, ибзиаӡангьы дыздыруа сахьыҟоу. Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит иахьатәи шәира амш. Шьардаамҭа шәгәы еснагь еизҳауа, шәлахҿыхны анцәа шәҟаиҵааит!” – лҳәеит ахәылԥаз аартуа Д. Гәлиа иҩны-амузеи аиҳабы Светлана Қорсаииаԥҳа.
“Алықьса Ноча-иԥа аԥсуа жәлар зегьы бзиа шәырбоит, избанзар шәара шәыклассик дууп. Аԥсуа жәлар егьырҭ ирыламҩашьо иҟазҵаз, ахьыԥшымрагьы рызҭаз иреиуоуп аԥсуа поезиа, ашәҟәыҩҩра, атеатр. Шәара шәеиԥш иҟоу аинтеллигенциа рџьабаа иабзоуроуп иахьатәи ҳаамҭа бзиа. Шәаԥхьаҟа агәамч ӷәӷәеи ақәҿиара дуқәеи шәзеиӷьасшьоит”, – иҳәеит Аԥсны аԥыза-аминистр Артур Амқәаб.
Аԥсны акультуреи аҭоурыхтә культуратә ҭынхақәеи рминистрра ахьӡала, ашәҟәыҩҩы ҳамҭас, Ельвира Арсалиаԥҳа лнапала илӡахыз аԥсуа хҭырԥеи И. Ҵәыџьба иҭыхымҭеи ианаршьеит.

Анаҩсан, астудентцәеи Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҟәатәи 4-тәи абжьаратә школ аҵаҩцәеи ирыԥхьеит А. Гогәуа иҩымҭақәа рҟынтәи ацыԥҵәахақәеи, ашәҟәыҩҩы изкыз ажәеинраалқәеи.
“Аԥсны анҭыҵгьы ибзианы ирдыруа, аԥсуа шәҟәыҩҩы, афилософ, ажәа азҟаза ду Алықьса Гогәуа доуҳала ибеиара зныԥшуа иҩымҭақәа уаднаԥхьалоит. Иахьазы ҳаԥсуа университет аҿы Алықьса Гогәуа иҩымҭақәа дипломтә усумҭаны ишьҭырхуеит. Анцәа иџьшьоуп ҳәа ҳҳәоит, ас еиԥш иҟоу, аԥсуа дахьҳаалиааз. Иҿыԥшуагьы анцәа иҳалаиҵап ҳәа сыҟоуп”, – иазгәеиҭеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет адекан, адоцент Арда Ашәба.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа