27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Амедицина-биологиатә шәарҭадара азҵаарақәа ирызкны асимпозиум Аҧсны амҩаҧгаразы ажәалагала ҟаҵоуп
703
18.08.2015 15:06
Аҧсны агәабзиарахьчара Аминистрра “Аӡы – Амедицина – Аекологиа” ҳәа хыс измоу ассоциациа еиҿнакаауа жәларбжьаратәи асимпозиум Аҧсны аиҿкааразы ажәалагала аашьҭын.
Аҟәа. Август 18. Аҧсныпресс. Ажәалагала Аҧсны иаҭааз амедицинатә наукақәа рдоктор, апрофессор, ассоциациа “Аӡы –амедицина – аекологиа” апрезидент, Урыстәылатәи амедицинатә наукақәа Ракадемиа алахәылаҩ Иури Рахманин иҟынтәи иааит.
Аҧсны агәабзиарахьчара аминистр Андзор Гоов иҧылараҿы академик иазгәеиҭеит: “Урыстәыла Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистрра, Урыстәыла иҧсабаратәу анаукақәа Ракадемиа, жәларбжьаратәи ассоциациа “Аӡы – Амедицина – Аекологиа” – арҭ аиҿкаарақәа зегьы амедицина-биологиатә шәарҭадара азҵаарақәа ирызкны асимпозиумқәа еицымҩаҧыргоит. Сынтәа ас еиҧш аусмҩаҧгатә Аҧсны амҩаҧгаразы агәҭакы ҟалеит.
Иури Рахманин иажәақәа рыла, асимпозиумқәа – ауааҧсыра ргәабзиареи, иара убас, иааҳакәыршаны иҟоу аҧсабара ахьчареи акыр зылшо механизны иҟоуп, “Ара адгылара ҳауп ҳәа агәыҕра ҳамоуп”, - ҳәа иазгәеиҭеит Иури Рахманин.
“Аҧсны аекологиа ахьчара атема актуалра аҵоуп. Ҳазхылҵыз иаҳзаанрыжьыз аҭынха ахьчареи аизырҳареи уалны иҳадуп”, - ҳәа иҳәеит Баҭал Кациа.
Иарбоу апроект атәыла анаҧхгара аҿы ақәшаҳаҭра анаиулак ашьҭахь, асимпозиум амҩаҧгара октиабр 24 инаркны ноиабр 3-нӡа иазҧхьагәаҭоуп.
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа





























