27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Амина Аншбеи Анастасиа Детиуки ҩыџьа-ҩыџьалатәи аҧкьаҭмпыл азы атурнир ITF W60 аҿы аиааира ргеит
212
15.07.2019 14:12
Аҧкьаҭмпыл азы атурнир ITF W60 Германиа имҩаҧысуан.
Аҟәа. Ҧхынгәымза 15. Аҧсныпресс. Дамеи Касланӡиа. Аҧснытәи аспортсменка Амина Аншбеи чехиатәи аспортсменка Анастасиа Детиуки ақалақь Ферсмольд (Германиа) имҩаҧысуаз ҩыџьа-ҩыџьалатәи аҧкьаҭмпыл азы атурнир ITF W60 аҿы аиааира ргеит. Урҭ асчиот 2:1 (0:6; 6:3; 10:8) рыла Раиани Схоофси ириааит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҧсны абҩарҵәыреи аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.
Амина Аншба 2013 шықәсазы 14 шықәса зхыҵуа ақәратә категориа иаҵанакуа рыбжьара Европа актәи аракетка ҳәа ахьӡ лхын, Урыстәыла, Бельгиа. Германиа, Швеицариа, Узбекистан, Ҭырқәтәыла, уҳәа атәылақәа жәпакы рҿы, 18 шықәса зхымҵыц рыбжьара хыҧхьаӡара рацәала жәларбжьаратәи аиуниортә турнирқәа рҿы аиааирақәа лгахьеит. Иара убас, 18 шықәса зхымҵыц ақәратә категориа аҿы Швеицариатәи ақалақь Клостерс имҩаҧысуаз Европа 2016 Ачемпионат аҿы аиаара лгеит.
Иара убасҵәҟьа, Амина Аншба аиуниортә турнирқәа “Большого Шлема”: US Open (ЕАА), Roland Garros (Франциа), Wimbledon (Великобританиа) зхы алазырхәыз раҧхьаӡатәи аҧснытәи атеннисистка лоуп.
Уажәы Амина Аншба зықәра наӡоу аҭыҧҳацәа ртурнирқәа рҿы дыхәмаруеит. Араҟагьы уи леихьӡарақәа рацәоуп.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа