27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Анатоли Бибилов Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахьыҧшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара Амш 10-шықәса ахыҵра идиныҳәалеит
387
26.08.2018 10:41
“Ари Амш даара иуадаҩыз аиҿагылараҿы зхьыҧшымреи зхақәиҭреи зыхьчаз аҧсуа жәлар ргәымшәареи рыгәаҕьреи иасымволны иҟалеит”, – ҳәа иазгәеиҭеит Анатоли Бебилов.
Аҟәа. Нанҳәамза 26. Аҧсныпресс. Аахыҵ Уаҧстәыла Ахада Анатоли Бебилов Аҧсны Аҳәынҭқрра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахьыҧшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара Амш 10-шықәса ахыҵра идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә шәҟәы аҿы, ахәҭакахьала, иазгәаҭоуп:
“Нанҳәамза 26, 2008 шықәса – ҳҳәынҭқаррақәа рҭоурых аҿы аҧеиҧш иадҳәалоу рыцхәны иаанхоит. Ари амш аҽны, жәа-шықәса раҧхьа, ҳреспубликақәа рҿы инхо ауаажәларқәа ргәазыҳәара инақәыршәаны, Урыстәыла Дуӡӡа Анаҧхгара ҳҳәынҭқаррақәа рхьыҧшымра азхаҵара азы аҭоурыхтә ӡбамҭа аднакылеит.
Ари Амш даара иуадаҩыз аиҿагылараҿы зхьыҧшымреи зхақәиҭреи зыхьчаз аҧсуа жәлар ргәымшәареи рыгәаҕьреи иасымволны иҟалеит.
Иахьа иазгәаҳҭоу аиубилеи ҷыдала аҵак ду амоуп. Иуадаҩӡаз аҭагылазаашьаҿы бџьаршьҭыхла ахақәиҭра ахьчара рылыршаны, Ареспублика ажәлар, аҳәынҭқарра ашьақәгылара хымҧада имҩаҧысыз факторк аҳасабала идырҵабыргит.
Урыстәыла аганахьала Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵара иадҳәалоу аҭоурыхтә ӡбамҭа Аҧсны аҭоурыхи, Аҧсни Урыстәылеи, адунеитә уаажәларратә еилазаареи рыбжьара аҳәынҭқарра-политикатә еизыҟазаашьақәеи рҿы адаҟьа ҿыц аанартит.
Ари акрызҵазкуа амш аҽны, ҳаҭыр зқәу Рауль Ҳаџьымба, хаҭала Шәареи, Ареспублика ажәлар зегьи аҭынчреи, аизҳазыҕьареи шәзеиҕьасшьоит”.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа