Ажәабжьқәа

Популярное

Анхацәа ҳазларыцхрааша алшарақәа ԥшаатәуп, - иҳәеит Рауль Ҳаџьымба

574
18.02.2015 15:07
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба ақыҭанхамҩа аҿиара азҵаарақәа рыӡбара иазкыз аилатәара мҩаԥигеит.

 Ақалақь Аҟәа.Февраль 18. Аԥсны Ахада Иусбарҭа. Аилатщара рхы аладырхщит Жәлар реизара – Апарламент ахада Валери Бганба, аԥрыза –министр Беслан Быҭәба, Аԥсны хада Иусбарҭа аиҳабы Асҭамыр Ҭаниа ,афинансқәа рминистр Амра қәаранӡиаԥҳа,ақыҭанхамҩа аминистр Рафик Оҭырба, Аҟәатәи, Гәылрыԥшьтәи, Гәдауҭатәи,Очамчыратәи,Ҭҟәарчалтәи араионқәа рхадацәа.

 Аҳәынҭқарра Ахада ааԥынтәи анхаратә усурақәа рҽазыҟаҵарақәа шцо, уи инадҳәаланы ақыҭанхамҩатә техникала реиқәыршәареи азҿлымҳазаара ааирԥшит. ”Анхацәа рыцхырааразы алшарақәа ԥшаатәуп, урҭ абылтәи ахьшьтә,арҵәыгақәеи рыла еиқәыршәатәуп”,-иҳәеит иара. 

 Аилатәараҿы ирылацәажәан 2015 шықәсазы Аԥсны асоциал- економикатә ҿиара иазкәу Аинвестициатә программа инақәыршәаны афинанстә дгылара зырҭо апоектқәа реиқәыршәара . “Урыстәыла иҟанаҵо афинанстә цхыраара ииашаны иахәҭоу ахырхарҭала адәықәҵара ауп ибзиоу алҵшәақәа аазырԥшуа.Апроектқәа рӷьырак ақыҭанхамҩа аҿиара иарызкызароуп”,- иҳәеит Апрезидент. Иара еизаз ирзеиҭеиҳәеит иҟаиҵаз адҵала аеконмикеи, афинансқәеи, ақыҭанхамҩеи, рминистррақәа рҟынтәи аспециалистцәеи, апарламент адепутатцәеи алархәны аҳәынҭкарратә финанстә дгылара зауа апроектқәа ииашаны разнеирала алԥшраазы ҷыдала акомиссиа шеиҿкаахо. “ Еиҭа ишәам ауалқәа рсиа ҳахаанымхарц азы, ҳара арҭ азҵаарақәа ҭакԥхықәрала ҳрызнеироуп. Арҭ аԥарақәа џьоукы-џьоукы хазы игоу ауаа рмал аизырҳаразы акәумкәа, адгьыл иқәаарыхо анхацәа рыцхыраара ахь ауп иахьдәықәҵатәхо”,- ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Рауль Ҳаџьымба аԥсыӡтәи аҟазаарых ҳәа изышьҭоу ақыҭанхамҩа ахырхарҭақәа руак аҿиара аҵак ду азгәеиҭеит. ”Ҳара амшын азааигәара ҳанхоит,ахы аԥсыӡтә ҟазаарых ҳара ҳҿы даара иԥсыҽуп.Уи аҭагылазаашьа аиӷьтәра аинвесторцәа рыцхыраарала алыршара хымԥадатәиуп. Ҳара аԥсыӡ шыла аҭииразы иҟаҳҵоит, аха уи иалхны акомбикорм ҳәа изышьҭоу ара аҭыжьра ҳалагар еиҳа ииашамхарыз”,- ҳәа наҵиҵеит иара.

 Аԥыза –министр Беслан Бытәба ахарџь рацәа зцыз амхурсҭақәа, адгьылқәа ақәаарыхра ртәы азгәеиҭеит: “ Адгьыл ақәаарыхра злымшоны,иара аџьықәреигьы аарыхра аҵкьыс аџьармыкьа аҿы аахәара еиҳа еиӷьызшьо рхыԥхьаӡара ессааира еиҳахоит. Ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа хымԥада иԥсахтәуп” 

Ақыҭанхамҩа аминистр Рафик Оҭырба ҳазҭоу ашықәс иалагӡаны иҟоу аусуратә планқәа ртәы Аԥсны Ахада изеиҭеиҳәеит.Уианхацәа аҳәынҭқарра аҟынтәи ацхыраара шроуа ала агәыӷра ааирԥшит.

 Аҟәа араион Ахада Беслан Аҩӡба ҵабыргны иҟоу амхурсҭатә дгьылқәа рхыԥхьаӡара уи азы аусшәҟәқәа ирну адыррақәеи шеиқәымшәо атәы иҳеит.”Ҳара акомплекстә инвентаризациа ҳалагеит,ииашаны иҟоу аҭагылазаашьа еилаҳкаар ҳҭахәуп.Қьаадла уахәаԥшуазар,Аҟәатәи араион аҿы 107 га ачаи ыҟоуп,аха аус аҿы аҭагылазаашьа зы нӡа даҽакыуп”,- ҳәа иҳәеит иара. 

Апрезидент аҳәынҭқарра иаҵанакуа адгьыл акадастр аиқәыршәаразы аинвентаризациа амҩаԥгара шхымԥадатәиу инаҵшьны иазгәеиҭеит. Жәлар Реизара –Апарламент аиҳабы Валери Бганбеи Аԥсны Ахада Иусбарҭа анаԥхгаҩы Асҭамыр Ҭаниеи Ахада ииҳәаз дақәшаҳаҭхеит. 

Аилатәара еихшьаалауа, Аԥсны Ахада аиҳабыреи,ақыҭанхамҩа аминистрреи аҭыԥантәи администрациақәеи активла русецура, ихадоу аҵакы даҽазныкгьы инаҵшьны иазгәеиҭеит. Уи ааԥынтәи анхаратә усурақәа рҽазыҟаҵарақәа шцо азы есыҽны иарҳәаларц адҵа ҟаиҵеит.

 Аинформациа аалышьҭит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ .

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа