27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Анри Адлеиба – косики карате азы адунеи ачемпион ҳәа ахьӡ ианашьахеит
685
07.11.2017 10:49
Адунеи Ачемпионат косики карате IKKF 2017 Москва ақалақь аҿы имҩаҧысит.
Аҟәа. Абҵарамза 7. Аҧсныпресс. Аицлабрақәа рхы аладырхәит ари аспорт хкы аҿы аҧхьагылара змоу 35 тәыла – Иапониа, Канада, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Алжир, Марокко, Мали, Австралиа, Балтиа атәылақәа, Европатәи Аидгылара иалахә атәылақәа, Ихьыҧшым аҳәынҭқаррақәа Реидгыла, уҳәа рҟынтәи 1 500-ҩык инарзынаҧшуа иреиҕьу косики карате ақәҧаҩцәа. Аҧсны Аҳәынҭқарреи Донецктәи Жәлартә Республикеи рҟынтәи еизгоу акомандақәа Адунеи ачемпионат иҷыдоу асасцәа раҳасабала рхы аладырхәит.
Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьӡала аҳәынҭқарратә бираҟ иаҵагыланы иқәгылон 11-ҩык аспортсменцәа.
Адлеиба Анри 45 кьыла иреиҳау акапантә категориа иаҵанакуа 13-14 шықәса зхыҵуа арҧарцәа рыбжьара косики карате азы адунеи дачемпионхеит.
Ерик Ходжаиан – 50 кьыла рҟынӡа инаӡо акапантә категориа иаҵанакуа 8-9 шықәса зхыҵуа арҧарцәа рыбжьара косики карате азы адунеи дачемпионхеит. 35 кьыла рҟынӡа инаӡо акапантә категориа иаҵанакуа 10 шықәса зхымҵыц аӡҕабцәа рыбжьара адунеи ачемпионат аҿы араӡны медал ланашьахеит Софиа Аҩӡба.
Акомандатә аҧхьахәгара аҿы Кирилл Пачкориа, Ерик Ходжаиани Дамир Лашәриеи 10-11 шықәса зхыҵуа арҧарцәа рыбжьара аиапонеццәа ириааины ахҧатәи аҭыҧ ааныркылеит.
Аспортсменцәа азыҟаиҵоит Аҧсны Аҳәынҭқарра косики карате Афедерациа апрезидент Демис Адлеиба.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа