Ажәабжьқәа

Популярное

Ажәабжьқәа

26.09.2016 11:23
Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк Амилаҭтә Ашәаратә Система “АҦРА” аҧхынтәи аамҭахәҭа иалагӡаны аусура адыррарбагақәа аланарҵәеит.
23.09.2016 14:40

Аҧсны аҵарадырреи аҭҵаареи Рминистрра араионтә методисттә еилазаарақәа рнаҧхгаҩцәа рзы аинформациатә-методикатә семинарқәа мҩаҧнагоит.
23.09.2016 14:32
Аҧсны Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә еилакы нанҳәамзеи цәыббрамзеи ирылагӡаны аҳәаа иахгаз араса азы ахыҧхьаӡареихшьаала Аҧсныпресс иазаанацҳаит.
23.09.2016 11:00
Цәыббрамза 25 рзы Амҳаџьырқәа Рыҧшаҳәа аҿы “Амшын аԥшаҳәаҿтәи анеи-ааирақәа”  IV Жәларбжьаратәи  аҿартә Арт-фестиваль мҩаҧгахоит.
22.09.2016 17:59

Беслан Барцыц ақалақьи атехнопарки рҭаара изцәырнагаз ацәаныррақәа дрылацәажәеит. Уи, Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи аиҩызареи аусеицуреи рзы ирыбжьоу Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны аекономикеи акультуреи рганахьала аизыҟазаашьақәа аҿиара иаҿуп, Мордовиагьы аганаҿы иаанымхароуп ҳәа азгәеиҭеит.
22.09.2016 16:50
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадаразы Афедералтә Маҵзура аҳәаахьчаратә Усбарҭа анаҧхгаҩи уи актәи ихаҭыҧуаҩи идикылеит.
22.09.2016 15:29

Амшынӡы аҟәандара +25˚С.
22.09.2016 15:22
Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара аҿы Очамчыратәи абаҕәаза иатәу аиланхарҭатә ҳабла  ахәҭак араион Ахадара ахь аиагара азы аӡбара рыдыркылеит.

Страницы: Пред. 1 ... 295 296 297 298 299 ... 564 След.

Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа