Ажәабжьқәа

Популярное

Аоперативтә штаб: уахыки ҽнаки рыла алабораториатә диагностика иахысыз 39-ҩык рҟынтәи хҩык рҿы акоронавирус азы адиагноз шьақәырӷәӷәахеит

211
12.05.2020 19:23
Аоперативтә штаб: уахыки ҽнаки рыла алабораториатә диагностика иахысыз 39-ҩык рҟынтәи хҩык рҿы акоронавирус азы адиагноз шьақәырӷәӷәахеит
Ауааҧсыра акоронавирус рацәыхьчара азы аоперативтә штаб адырра ҟанаҵоит...

Аҟәа. Лаҵарамза 12. Аҧсныпресс. Ауааҧсыра акоронавирус рацәыхьчара азы аоперативтә штаб атәыла аҩныҵҟа иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа азы адырра аҟаҵара иацнаҵоит.

Убас, аоперативтә Штаб иҟанаҵо адыррақәа рыла, иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла алабораториатә диагностика иахысыз 39-ҩык рҟынтәи хҩык рҿы акоронавирус азы адиагноз шьақәырӷәӷәахеит. Урҭ ааигәа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь инагахоит. Дара зегьы уажәааигәа зыҧсадгьы ахь ихынҳәыз урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рыстудентцәа роуп. Уажәаҧхьа урҭ асасааирҭа “Аиҭар” аҿы акарантин иахысуан.

Уаанӡа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь инагаз быжь-ҩык ахәшәтәра иахысуеит, иахәҭоу ахәшәқәа рыла еиқәыршәоуп, ргәабзиара аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп.

Иахьатәи амш азы асасааирҭа “Аиҭар” аҿы акарантин иахысуеит 256-ҩык урыстәылантәи зыҧсадгьыл ахь ихынҳәыз  атәылауаа, урҭ рахьынтә 216-ҩык  Урыстәылатәи Афедерациа арратә ҵараиурҭақәа рҿы аҵара зҵо акурсантцәа роуп”.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа