Ажәабжьқәа

Популярное

Аоперативтә штаб: Урыстәылантәи иааз ҩыџьа астуденцәа рыҿгьы акоронавирус азы адиагноз шьақәырӷәӷәахеит

84
09.05.2020 18:34
Аоперативтә штаб: Урыстәылантәи иааз ҩыџьа астуденцәа рыҿгьы акоронавирус азы адиагноз шьақәырӷәӷәахеит
Ауааҧсыра акоронавирус рацәыхьчара азы аоперативтә штаб адырра ҟанаҵоит...

Аҟәа. Лаҵарамза 9. Аҧсныпресс. Ауааҧсыра акоронавирус рацәыхьчара азы аоперативтә штаб атәыла аҩныҵҟа иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа азы адырра аҟаҵара иацнаҵоит.

Аацҳамҭа излаанацҳауа ала:

“Иҳаҩсыз уахыки-әнаки рыла 19-ҩык адиагностикатә гәаҭара иахысит. Урҭ рахьынтә ҩыџьа рҿы акоронавирус азы адиагноз шьақәырӷәӷәахеит.

Иаҳхысыз ҩымш рыла ичмазаҩхаз фҩык – Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи Аҧсныҟа ихынҳәыз астудентцәа роуп. Урҭ зегьы асасааирҭа “Аиҭар” аҿы акарантин аҿы иҟан. Ргәабзиара аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп.

Уаанӡа здиагноз шьақәырӷәӷәаз ҧшьҩык ауаа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь инагоуп, иахәҭоу ахәшәқәа рыла еиқәыршәоуп. Ҩаҧхьа здиагноз шьақәыргылаз ҩыџьа иахьа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь инагахоит”.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа