Ажәабжьқәа

Популярное

Апарламенттә Комиисиа Очамчыратәи апаспорттә ҟәша аусура агәаҭара мҩаҧнагеит

399
04.09.2018 17:26
Апарламенттә Комиисиа Очамчыратәи апаспорттә ҟәша аусура агәаҭара мҩаҧнагеит
Анаҩстәи агәаҭарақәа Аҧсны араионтә ҟәшақәа зегьы рҿы имҩаҧгахоит.

Цәыббрамза 4. Аҧсныпресс. Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апаспорт-визатә Маҵзура аусура агәаҭаразы иаҧҵоу Жәлар Реизара аамҭалатәи Акомиссиа Очамчыратәи апаспорттә ҟәша аусура агәаҭара мҩаҧнагеит. Абри атәы аанацҳауеит Акомиссиа апресс-маҵзура. 

Аацҳамҭа излаанацҳауа ала, Акомиссиа иаанарҧшыз аилагарақәа, Акомиссиа иацны аусмҩаҧгатә зхы алазырхәыз Очамчыра араион Апрокуратура ахаҭарнакцәа рыла иазгәаҭахеит. 

Уажәаҧхьа, нанҳәамза 23 рзы, адепутат Дмитри Дбар ихантәаҩрала Акомиссиа иалахәыз гәыҧҩыки, Аҧсны апрокуратура Хада ахаҭарнак Беслан Ҭаркьыли  Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра авиза-паспорттә Маҵзура иаҭааит. Араҟа иарбоу аусбарҭа анаҧхгаҩцәа алархәны, ауааҧыра зыргәамҵуа азҵаарақәа жәпакы рылацәажәара мҩаҧысит. 

Акомиссиа алахәылацәа ишьақәдырҕәҕәаз аграфик инақәыршәаны, анаҩстәи агәаҭарақәа Аҧсны араионтә ҟәшақәа зегьы рҿы имҩаҧгахоит.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа