27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
“Апаспортқәа рыҭара иазкәу аелектронтә система аҿы апротекциа аус ауам. Ара иҟам ауацәеи аҭахцәеи “, - иҳәеит Шамиль Аӡынба
486
12.02.2015 13:30
Иҟоу аԥсуа паспортқәа аҿыцқәа рыла аиҭныԥсахра апроцесс аиҿкаара иазкәу аусура ахырқәшамҭахь анеира иаҿуп. Абри атәы, атәыла ақәынхаразы азин зырҵабырго аусшәҟәы ашьақәырӷәӷәареи, Аԥсны атәылауаҩ ипаспорт иҿыцу ақәырԥшы алагаларазы аҭагылазаашьа аиқәыршәареи ирызкәу аусуратә гәыԥ анаԥхгаҩы, Аԥсны аԥыза –министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба имҩаԥигаз апресс-конференциа аҿы иеизаз ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит.
“Уажәы ахархәара змоу аҩнуҵҟатәи Аԥсны атәылауаҩратә паспортқәа, ҳара раԥхьаӡатәи ҳусшәҟәықәа иреиоуп, ҳара ҳрызгәдууп. Аха урҭ Урыстәыла акәӡам иахьеиқәыршәаз, рхаҭабзиарагьы даара илаҟәын,- иазгәеиҭеит Шамиль Аӡынба.
“Госзнак” анаԥхгаҩы излаиҳәаз ала, ԥыхьа иҟаз апаспортқәа аԥаршеиҟаҵаҩы апринтер бзиа аҟны џьабаада аиқәырҽаҽара илшон. Иахьа урҭ реиҭныԥсахра апроблема цәырҵит. Аха еиҳарак уи илаҟәу ахаҭабзиара акәӡам изыхҟьаз. Атәылаҿы имҩаԥысуаз идыру аполитикатә процессқәа ирыхҟьаны ауп изыҟалаз”. Атәылауаҩра зырҵабырго адокумент хада аиураан аҭыԥ зауз азакәанеилагарақәеи, иара убас, апаспортқәа рыҭара асистема ахаҭа инаӡам аҭагылазаашьеи ауп зыӡбахә ҳамоу,. Шамиль Аӡынба иажәақәа рыла, ”ааигәа, иҿыцу, ҳаамҭа иақәшәо,аԥаршеира иацәызыхьчо аҷыдатә система зцу, адизаин бзиа змоу, зеиӷьыҟам апаспортқәа кьыԥхьхоит. Уи, Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аусзуҩцәа злахәу иҷыдоу аусуратә гәыԥи, апаспортә-визатә маҵзура ахаҭарнакцәеи, Ҭемыр Ҟаиҭан наԥхгара зиҭо асахьаҭыхыҩцәеи адизаинерцәеи аус адырулон”.
Абри зегьы ирылҵшәаны, иҿыцу апаспорт ақәырԥшы шьақәырӷәӷәоуп. Уи Аԥсны, раԥхьаӡатәи Ахада иалиххьаз, игәылҭәаау аиаҵәа ԥштәы амазаауеит. Атәыла ақәынхаразы азин зырҵабырго аусшәҟәы акәзар, уи абланк ицәыҟаԥшьу аԥштәы аиуеит. Уажәтәи аамҭазы, адокумент ахаҭа атекст аус адулара мҩаԥысуеит. “Госзнак” аганахьала ,уи ахә азы акоммерциатә жәалагалақәа ирзыԥшуп. Апаспортқәа рыҭара иазкәу асистема ҿыц аҵакгьы џьара еиҵам ҳәа иԥхьаӡоит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ. ”Уи, Авиза ақәҵареи Ашәҟәҭагалареи рыҟәша техникала аиқәыршәареи, адокументқәа рыҭара апринцип ауп изызкәу. Ҳтәылауаа апаспорти, егьырҭ ихадоу аусшәҟәқәеи роура, аманшәалареи аццакреи ацзароуп. Уи азы аинструкциа ҷыда аус адулара цоит”, -иҳәеит Шамиль Аӡынба. Апаспортизациа амҩаԥгара аелектронтә база аиқәыршәара зегьы ирыцкуп. Уи, атәанчаҩхәы аҭареи, аныҟәцара азин аршаҳаҭгақәеи рыҭараангьы ахархәара аиуыр ауеит. “Апаспортқәа рыҭара асистема аҿы апротекциа аус ауам. Ара иҟам ауацәеи аҭахцәеи”,- инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба.
Аусуратә гәыԥ анаԥхгаҩы иажәақәа рыла,иҿыцу апаспорт ахә макьаназы аҵыхәтәанӡа ишьақәырӷәӷәам. Аха, заанаҵтәи адыррақәа рыла, атранспорттә харџь аламҵакәа, 100 нызықьтәи атираж аан, адокумент ацыра 149 мааҭ инарзынаԥшуа иаԥсахоит.
Апаспортқәа реиҭныԥсахра иазкәу аусурақәа зегьы феврал мза, 2016 шықәсанӡа ихыркәшахароуп.
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа





























