Ажәабжьқәа

Популярное

Аполлон Шьынқәба: аҧсуа наџьнатә аахыс бџьарс имаз иламыси иуаҩреи ракәын!

727
08.12.2016 10:45
Аполлон Шьынқәба: аҧсуа наџьнатә аахыс бџьарс имаз иламыси иуаҩреи ракәын!
Аҟәа ақалақь аҿы Аҧсны Абыргцәа Рхеилак аилатәара мҩаҧысит.

Аҟәа. Ҧхынҷкәын 8. Аҧсныпресс. Лана Ҵәыџьҧҳа. Аҧсны Абыргцәа Рхеилак аилатәараҿы атәыла аҿы ишьақәгылаз асоциал-политикатә ҭагылазаашьа иалацәажәеит. Убри аан, аилатәара иалагӡаны, абыргцәа атәыла анаҧхгара ааԥхьара рыҭаразы аӡбара рыдыркылеит. Аусмҩаҧгатә рхы аладырхәит Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба, Жәлар Реизара-Апарламент аиҳабы Валери Бганба, аҧыза-министр Беслан Барцыц, Аҳәынҭқарра Ахада иусбарҭа ахада Даур Аршба.

Аилатәара аартуа, Аҧсны Абыргцәа Рхеилак ахантәаҩы Аполлон Шьынқәба иазгәеиҭеит: “аҧсуаа зықьнашықәсала, атәымуаа алмырхәӡакәа, рхала рыпроблемақәа рыӡбон, иахьагьы ҳара убасҵәҟьа ахымҩаҧгашьа ҳақәшәароуп”.

Уи иажәақәа рыла, аҳәынҭқарра ҿыц аргылараан, маҷк иадамзаргьы, аилибамкаара ҟамлар залшом. “Аҧсуа наџьнатә аахыс бџьарс имаз иламыси иуаҩреи ракәын! Ҳара аҳәынҵәа еиқәҭәара алҳмыршароуп. Уи егьырҭ ажәларқәа рҿаҧхьа ҳаҳаҭыр ланарҟәуеит. Аизыӡырҩра хымҧаданы иҟоуп. Иахьа ҳара апроблемақәа рылацәажәареи урҭ ӡбашьас ирымоу атәы аартны аҳәареи ҳалҳаршароуп”, – ҳәа иҳәеит Аполлон Шьынқәба.

Убри аан, Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иара убас, апроблемақәа аартны алацәажәара ахәҭоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. “Ҳара аус ҳзымуӡеит ҳәа ишәыҧхьаӡозар, ҳлахьынҵа знапы иану ҳауаажәлар, “ари аҩыза анаҧхгара шәҭахума?” ҳәа шәразҵаа. Ҳара ҳаидгылароуп!” – ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада. Рауль Ҳаџьымба абыргцәа апроблема аӡбаразы амҩа аҧшаара рылшап ҳәа агәыҕра ааирҧшит.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа