Ажәабжьқәа

Популярное

Ажәабжьқәа

16.09.2015 14:35
Абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Гьаргь Агрба адепутаттә гәыҧ “Аҧсадгьыл” аҧҵара азы игәаанагара иҳәеит.
16.09.2015 10:35
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Виниамин Кондратиеви Рустам Минниханови Урыстәыла Афедерациа асубиектқәа рхадақәас ралхра рыдиныҳәалеит.
15.09.2015 15:40
Убри азы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба.
15.09.2015 14:35
Аекспозициа Санкт-Петербург, Михаил Шемиакин Ифонд иатәу ацәыргақәҵатә ҭыҧ аҿы иқәыргылахоит.
15.09.2015 13:18
Аҧсны ақыҭанхамҩа аминистр Ҭемыр Ешба зыҧсы ҭоу аҧсыӡ ныҟәызго амашьына, акалмаҳа Аҟәатәи аџьармыкьа ахь аҭиразы анагара аанкылоуп ҳәа иҟоу ацәажәарақәа ҵаҵҕәыдоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит.
15.09.2015 11:04

Аҧсны Ахада Иусҧҟа ала Сергеи Бебиа Аҧсны Аҳәынҭқарра иреиҳаӡоу ашкол зҽаҧсазтәыз аусзуҩ ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп.
15.09.2015 10:02
Аԥсуаа наџьнатә аахыс ҳаиҷаҳаны иныҟәааго, ҳахьӡ хара излацахьо амилаҭтә ҟазшьақәа ируакуп асасдкылара, нас уи иадҳәалоу аҵасқәа зегьы. Иахьа ҳара ҳҟынӡа иҵасны иааӡаз зегьы ҵакык-ҵакык рымоуп. Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа рҿы асасдкылара шеиқәхаз атәы далацәажәоит ажурналист Нонна Ҭхәазԥҳа.
14.09.2015 13:41
Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәыла Афедерациатә Хеилак ахаҭарнакцәа, Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламенти Урыстәыла Афедерациатә Еизареи русеицура азы акомиссиа алахәылаҩцәа злаз аделегациа идикылеит.
14.09.2015 13:19


“Ҳара ҳсеисмографқәа Аҧсны ашьхара иаҧну аҭыҧқәа рҿы 2,5 балл рҟынӡа иҟаз адгьылҵысра азгәарҭеит”, – Левард Барцыц.
14.09.2015 11:17


“Нхыҵ Уаҧстәыла ажәлар раҧхьаҟа аекономикеи асоциалтә хырхарҭала аҧеиҧш бзиа роура азы ргәыҕрақәа Шәара ишәыдырҳәалоит", – Рауль Ҳаџьымба.

Страницы: Пред. 1 ... 415 416 417 418 419 ... 564 След.

Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа