27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Ҟарачы-Черкесстәи Ареспублика аҿы афбатәи акультура-спорттә фестиваль “Абаза” мҩаҧысуеит
324
22.07.2019 13:00
Аҧснытәи аспортсменцәеи астудентцәеи ари аусмҩаҧгатә рхы аладырхәуеит.
Аҟәа. Ҧхынгәымза 22. Аҧсныпресс. Дамеи Касланӡиа. Ҧхынгәымза 21-23 рзы Ҟарачы-Черкесстәи Ареспублика аҿы, Автономтә Икомерциатәым Аиҿкаара “Алашара” традициала еиҿнакаауа афбатәи акультура-спорттә фестиваль “Абаза” мҩаҧысуеит. Ари аусмҩаҧгатә аҧснытәи аспортсменцәеи астудентцәеи рхы аладырхәуеит.
Адунеизегьтәи аҧсуа-база жәлар Рконгресс апресс-маӡаныҟәгаҩ Саид Барганџьиа абас еиҧш адырра ҟаиҵеит: “Афестиваль “Абаза” Абаза жәлар рыхәмаррақәа ала иаатит. Сынтәа арҭ ахәмаррақәа Аҧсны, Ҟарачы-Черкессиатәи Ареспублика абазаа ахьықәынхо аулқәа 7, Ставропольтәи атәылаҿацә, Москватәи аҧсуа диаспора акоманда, уҳәа рынтәи 600-ҩык инарзынаҧшуа рхы аладырхәит. Ахәмаррақәа мышкоуп ианымҩаҧысуа. Акомандақәа арм-спорт аҿы, аушәақә аҧара, ахаҳә аршәра, шә-метрак рҟынӡа аҩра, ацәҟьа аихсра, ашаха аимарххара уҳа рыла еицлабуан, иара убас ашьапылампыли анапылампыли рыла ахәмаррақәа мҩаҧыргеит. Ахәмаррақәа реихшьаалақәа рыла, анапылампыл азы аҧснытәи аҳәса ркоманда зегьы иреиҕьхеит. Егьырҭ аспорт хкқәа рҿы, еиҳарак ирықәҿиеит абазатәи аулқәа рҟынтәи ахәмарыҩцәа”.
Саид Барганџьиа иажәақәа рыла: “Афестиваль апрограмма ҩ-хәҭакны ишьақәгылоуп: ҧхынгәымза 21 рзы Абазатәи араион аул Ельбурган аҿы иҟоу ашкол аҵакыраҿы Абаза жәлар рыхәмаррақәа – 11 спорт хкы рыла аицлабрақәа мҩаҧгахеит, ҧхынгәымза 23 рзы Абаза жәлар акультура Амш мҩаҧгахоит. Аусмҩаҧгатә алахәылацәеи асасцәеи ажәлар рычча-хәмарра, атематикатә цәыргақәҵақәа, илахҿыху аконкурсқәа, амилаҭтә чыс хкқәа ргьамабара зцу абазатәи аетнографиатә дәы уҳәа аинтересс зцу аусмҩаҧгатәқәа жәпакы рзыҧшуп. Аныҳәа аҧсуа-база жәлар рыкәашарақәеи рашәаҳәарақәеи рыла еиҿкаау аконцерт ала ихыркәшахоит”.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа