27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Ашәарҭадара Ахеилак аилатәара: Аҳәынҭқарра Ахада азинхьчаратә еилазаарақәа ирыдиҵеит ауаажәларра ирылаҩыз ашьаустә ҭҵаарақәа ирызку аусура дырҕәҕәарц
235
16.07.2019 15:58
Аилатәара аҿы аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба ҧхынгәымза 15, 16 рзы имҩаҧысыз ахҭысқәа рзы адырра ҟаиҵеит.
Аҟәа. Ҧхынгәымза 16. Аҧсныпресс. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба ашәарҭадара Ахеилак аилатәара мҩаҧигеит. Абри атәы аалыцҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Наала Аҩӡҧҳа.
Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба ҧхынгәымза 15, 16 рзы имҩаҧысыз ахҭысқәа рзы адырра ҟаиҵеит:
“Иацуха, асааҭ 11 инарзынаҧшуа, Ҧанцулаиа рҭаацәа ахьынхоз аҩны амца акит. Амцарцәаҩцәа ргәыҧи амилициа аусузцәеи еицны ахҭыс ахьыҟалаз аҭыҧ ахь ицеит. Амца аанкылан. Уа амилициа аусзуцәа рнариад ықәыргылан. Иара убас 01:40 сааҭ рзы Тҟәарчал ақалақь аҟынтә ҭелла иаарыцҳаит Тҟәарчал ақалақь адгьылҵакыраҿы Ҧанцулаиаа рҭаацәа ахьынхоз аҩнгьы амца шакыз. Уахь идәықәҵан амцарцәаҩцәеи амилициа аусзуцәеи, абылра аанкылан.
Анаҩс еилкаахеит, ишьу Кәыҵниа иҭынхацәа Ҧанцулаиаа мчыла иаанкыланы ишрымоу. Амҩақәа зегьы аркын ауха. Рыцҳарас иҟалаз, имҩаҧгоу аусурақәа макьаназы лҵшәа ҳәа акагьы рымам”.
Аҳәынҭқарра Ахада азинхьчаратә еилазаарақәа ирыдиҵеит ауаажәларра ирылаҩыз ашьаустә ҭҵаарақәа ирызку аусура дырҕәҕәарц: “Азинхьчаратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәа зегьы еиҭа адҵа рысҭоит, сақәымчынгьы ишәыдысҵоит зыҧшаара иаҿу ахаҿқәа рганахьала иаҭаху ауснагӡатәқәа рымҩаҧгаразы, Ҧанцулаиаа рыҧшаареи, иара убас иаанкылоу ауаа рхы рақәиҭтәразы. Мерцхәылаа иганахьала иҟаҵаз ацәгьоура ала аусура рӷәӷәатәуп ацәгьоура иалахәыз егьырҭ ахаҿқәа зегьы рышьақәыргыларазы, иара убас ишәцәыбналази ацәгьоура ҿазҵази рганахьалагьы”.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа