Ажәабжьқәа

Популярное

Ашәықәс ҿыц 17 мшы рыҩнуҵҟа Аԥсны иҟалеит 74 былра.

797
17.01.2012 11:35

Иахьа ашьыжь Агәыӡера аҳаблаҿы абылра ду ҟалеит. Иҷыдоу ахҭысқәа рзы Аусбарҭа апресс-маҵзура аҟантәи излаарыцҳаз ала, ахатәы ҩны амца акит, аха адырра иагханы иҟарҵеит, амцарцәаҩцәа аннеи аамҭазы ахыбра зегьы абылра иаҿын.
Аҩны блит. Аҩны ахәҭақәа анеилдыргоз ирыԥшааит аԥшәма ?)№қ ш. ииз Пиотр Архипов иԥсыбаҩ.
Иҷыдоу ахҭысқәа рзы Аусбарҭа аҟынтәи излаарыцҳаз ала, Аԥсны Ашәықәс ҿыц ?ҵ мшы рыҩнуҵҟа иҟалеит ҵ: былра, ҩыџьа ҭахеит, хҩык еиуеиԥшым абылрақәа роуит.
«Абылрақәа мзыз хадас ирымоуп аԥшәмацәа иахьынӡахәҭоу афымцатә шәарҭадара иахьацкламԥшуа, арԥхагақәа ииашамкәа рхы иахьадырхәо ауп, - иҳәеит Иҷыдоу ахҭысқәа рзы Аусбарҭа ахада Лев Кәыҵниа.- Афымцарцәаҩақәа иахьырзышьҭымхуа иахҟьаны абылрақәа ҟалоит. Аԥшәма дахылаԥшлароуп иҩнаҿы афымцацәаҳәақәа рҭагылазаашьа».


Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа