27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Аслан Бжьаниа Аҧсны аҧсылманцәа Аурычра Аныҳәа (Ураза-Байрам) рыдиныҳәалеит
3515
24.05.2020 12:41
“Адин ҳаҭыр ақәҵара, еиуеиҧшым адин ныҟәызго ауаа аӡәи-аӡәи реилибакаара, ианакәызаалакгьы аҧсуа жәлар ирҷыдаҟазшьаны иҟан”, – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Аҟәа. Лаҵарамза 24. Аҧсныпресс. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны аҧсылманцәа Аурычра Аныҳәа (Ураза-Байрам) рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Дарбанызаалак, аҧсылман дин ныҟәызго изы иҧшьоу Аурычра амыз иалагӡоу ачгара ахыркәшара иазку аныҳәа лаша, иҳараку адоуҳатә идеалқәеи, ашәышықәсала ишьақәгылахьоу атрадициақәеи зеиӷьаҟам ала ианыҧшуеит. Ураза-Баирам, аҧсуаа Аурычра ҳәа изышьҭоу аныҳәа доуҳала ацқьара, аиаша азықәҧара, аҭычреи, аҭышәынтәалареи, агәыҳалалреи рышьақәгылара иазырхоу хра злоу аусқәа рыҟаҵаразы агәызҭазаара унаҭоит.
Аҧсны – аконфесиақәа рацәаны иахьыҟоу тәылоуп. Адин ҳаҭыр ақәҵара, еиуеиҧшым адин ныҟәызго ауаа аӡәи-аӡәи реилибакаара, ианакәызаалакгьы аҧсуа жәлар ирҷыдаҟазшьаны иҟан. Агәра ганы сыҟоуп, Аҧсны аҧсылманцәа аринахысгьы ҳтәыла аҩныҵҟа адинхаҵаратә ҭышәынтәалара ашьақәгылара ишацхраало.
Ҷыдала срыдныҳәаларц сҭахуп ҳџьынџьуаа – Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, егьырҭ аҧсылмантә тәылақәа рҿы инхо аҧсуа диаспора.
Ари аныҳәамш аҽны зегьы ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, ақьиара, аизҳазыӷьара”.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа