Ажәабжьқәа

Популярное

Аслан Бжьаниа Аҧсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба ибаҟа амҵан ашәҭшьҭаҵара ацеремониа ихы алаирхәит

669
14.05.2020 12:00
Аслан Бжьаниа Аҧсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба ибаҟа амҵан ашәҭшьҭаҵара ацеремониа ихы алаирхәит
Иахьа Аҧсны Актәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба иҧсы ҭазҭгьы 75-шықәса ихыҵуан.

Аҟәа. Лаҵарамза 14. Аҧсныпресс. Иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ, Аҧсны Актәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба иира Амш аҽны Алада Ешыра ақыҭан иҟоу Владислав Арӡынба имемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаҧысит.



Актәи Ахада ибаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит иара убас Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гунба, Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа, Аҧсны иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин, Аҧсны иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Ахыҵ-Уаҧстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аиҳабыра алахәылацәа, ауаажәларра ахаҭарнакцәа.

Владислав Арӡынба – Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада диит 1945 шықәса лаҵарамза 14 рзы Ешыра ақыҭан. Владислав Арӡынба Аҧсны жәлар рхақәиҭратә қәҧара напхгара азиуан.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа