Ажәабжьқәа

Популярное

Аслан Бжьаниа Аҧсны жәлари Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеранцәеи Аиааира Амшныҳәа рыдиныҳәалеит

69
08.05.2020 15:30
Аслан Бжьаниа Аҧсны жәлари Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеранцәеи Аиааира Амшныҳәа рыдиныҳәалеит
“Ҳаҭыр дула абри амш аҽны иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп шәара Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны иаашәырҧшыз афырхаҵаразы, ауаатәҩса афашизм ацәыхьчаразы шәылшамҭақәа рзы”, – ҳәа иаҳәоит адныҳәалара аҿы.

Аҟәа. Лаҵарамза 8. Аҧсныпресс. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны жәлари Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аветеранцәеи ирыдиныҳәалнит Аиааира амш 75 шықәса ахыҵра! Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит.

Адныҳәалара атекст аҟны иҳәоуп:

“Ҳаҭыр зқәу Аҧсны жәлар, акыр иаҳзаҧсоу Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа!

Ҳаҭыр дула абри амш аҽны иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп шәара Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны иаашәырҧшыз афырхаҵаразы, ауаатәҩса афашизм ацәыхьчаразы шәылшамҭақәа рзы.

75 шықәса раҧхьа афашизм аиааирала ихыркәшан ауаатәҩсатә ҭоурых аҟны зегь раасҭа ишьаарҵәыраз аибашьра. Аиааира дуӡӡа ааган ҵҩа змам аҧсҭазаарақәа рахҭынҵарала, миллионҩыла асоветтә тәылауаа рхамеигӡареи, ҿык-бзык иазымҳәо рфырхаҵареи рыла.

Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа афронтқәа рыҟны аиааира зчаҧоз рыҩныҵҟа иҟан 55 нызқьҩык инареиҳаны Аҧсны аҵеицәа, арҧарцәеи аҭыҧҳацәеи, урҭ рахьтә 17 нызқьҩык ҳаҧсадгьыл ду ахақәиҭра рхы ақәырҵеит. 22-ҩык Аҧсны аҵеицәа Асовет Еидгыла Афырхацәа ҳәа ахьӡ иаҧсахеит, хҩык Ахьӡ-аҧша аорденқәа, 30-ҩык инареиҳаны аибашьратә ҳамҭақәа ранашьоуп.

Иахьа адунеи аҟны ачымазара ҿкы алаҵәаразы иҟоу ашәарҭара иахҟьаны, сынтәа Аиааира Дуӡӡа аиубилеи иазкны аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа аҧаҳхыр акәхеит. Акыр иаҧсоу аветеранцәа, аҳәара ҟасҵоит, раҧхьа инаргыланы шәара шәгәабзиара ахӡыӡаара иҳаднаҵо ари азыӡба иашаны еилышәкаарц азы. Убри аангьы аӡәгьы азин имаӡам, иагьилшом ари аныҳәа лаша аҧыхра. Сара иҟасҵаз адҵала, Аиааира Амш аҽны, асанитартә нормақәа рықәныҟәарала, аветеранцәа аӡәа-ӡәала ирҭаауеит Аҧсны Анапхгара, ақалақьқәеи араионқәеи рхаҭарнакцәа.

Аиааира Дуӡӡа Амшныҳәа рыдысныҳәалоит Аҧсны иқәынхо ауааҧсыра зегьы. Аҭынчра, анасыҧ агымзааит дасу шәыҩнаҭақәа.

Ҽааныбзиала шәнеиааит!”

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа