27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Атәыла Мрагыларатәи ахәҭа ауааҧсыра рзинтә статус шьақәзырҕәҕәо азакәан рыдаркылеит
666
29.12.2016 15:45
Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент аилатәара аҿы “Аҳәаанырцәтәи ауааҧсыра Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы рыҟазаара азинтә статус азы" “Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы" Азакәан апроект рыдыркылеит.
Аҟәа. Ҧхынҷкәын 29. Аҧсныпресс. Елена Полуиан. Азакәан апроект адгалара мҩаҧго, Аҳәынҭқарра Ахада Апарламент аҿы ихаҭарнак Дмитри Шамба алкаа ҟаиҵеит: “Азакәан апроект атәыла Мрагыларатәи ахәҭа аҿы инхо ауааҧсыра рзинтә статус аҳәаақәҵара иазырхоуп. “Анхаразы азин аршаҳаҭга” аҭара ҳәаақәызҵо аиҭакрақәа азҧхьагәанаҭоит. Уаанӡа иҟаз аҧҟарақәа хҧа, “жьҭаарамза 12, 1999 шықәса инаркны 10-шықәса инеиҧынкыланы Гал араион иқәынхо аҳәаанырцәтәи атәылауаа” ҳәа даҽа ҧҟарак рыцҵаразы аҧшьгара ҟаҵоуп.
Убри аан, апарламенттә Еилакы ахаҭарнак Дмитри Гәынба, Аилак инарҭбаау аилатәара аҿы иарбоу азҵаара алацәажәараан, уи ахаҭарнакцәа еицҿакны гәаанагарк ахь анеира рылымшеит ҳәа адырра ҟаиҵеит.
“Ҳара убасала хыҧхьаӡара рацәала Қырҭтәыла иатәылауааны иазхаҳҵо ауааҧсыра ҳаур алшоит”, – ҳәа игәаанагара иҳәеит уи.
Аусшәҟәы далацәажәо, адепутат Ахра Бжьаниа иазгәеиҭеит: “ауаа зинда рааныжьра ҟалаӡом, урҭ рыстатус ашьақәырҕәҕәара хымҧадатәиуп”.
Азакәан апроект аҩбатәии ахыркәшаратәии аҧхьарақәа рҿы ирыдыркылеит.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа