Ажәабжьқәа

Популярное

Ауаажәларратә палата имҩаԥнагоит анаркоманиа иаҿагыланы ақәԥара иазку иҷыдоу аилацәажәара

708
06.02.2012 14:12

Жәабранмза 1 азы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә палата аилатәара. Амшхәаԥштә аҿы иҟан еиуеиԥшым азҵаарақәа.
Апалата аусура алагеит уи алахәылаҩ ҿыц иалхра ала, Базильски даҽа усурак ахь дахьиасыз иахҟьаны Олег Колебатов иҭыԥ ааникылеит.


Амшхәаԥштә аҩбатәи азҵаарас иҟан анаркоманиеи изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа рхархәареи ирызкны аусуратә гәыԥ иҟанаҵаз алкаақәа рылацәаәара.Уи азҵаара ҩаԥхьа иалацәажәоит 2012 шықәса хәажәкырамза аҩбатәи азбжахь.


Уи ашьҭахь иалацәажәеит Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа рҿы Ауаажәларратә палата инанагӡо ароль.


Аҵыхәтәантәи зҵаарас иҟан амобилтә еимадарақәа «Аквафони» «А-Мобаили» жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рзы ахәԥса иахьацырҵаз.


Атәыла анапхгарахь ааԥхьара ҟарҵеит агәҭынчымра шаадырԥшуа ала, иара убасгьы ахәқәа рыцҵаразы зыӡбахә ҳәаз амзызқәа рыгәрагара шуадаҩу.


Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа