Ажәабжьқәа

Популярное

“Азҳара”: ахҧатәи ахәыҷи уи ишьҭанеиуеи рзы, аҭаацәа зныктәи ацхыраара аҳасабала шә-нызқь мааҭ рызшәара азҧхьагәаҭоуп

635
22.11.2016 10:59
“Азҳара”: ахҧатәи ахәыҷи уи ишьҭанеиуеи рзы, аҭаацәа зныктәи ацхыраара аҳасабала шә-нызқь мааҭ рызшәара азҧхьагәаҭоуп
Агәыҳалалратә фонд “Азҳара” аҧҵаратә Хеилак ааҧхьара ҟанаҵеит.

Аҟәа. Абҵарамза 22. Аҧсныпресс. Ааҧхьара аҿы ахәҭакахьала иаҳәоит:

“Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа раҧшьгарала Агәыҳалалратә фонд “Азҳара” аҧҵоуп. Ахәыҷы рацәа змоу, Аҧсны инхо аҭаацәа ацхыраара рыҭара Афонд ахықәкы хаданы иҟоуп.

Агәыҳалалратә фонд “Азҳара” ала, ҧхынҷкәын 31, 2016 шықәса рышьҭахь ииз ахҧатәи ахәыҷи уи ишьҭанеиуеи рзы, аҭаацәа зныктәи ацхыраара аҳасабала шә-нызқь мааҭи, иара убас ахәыҷы шықәсык ихыҵанӡа есымза х-нызқь мааҭи рызшәара азҧхьагәаҭоуп. Афонд аусура ахылаҧшра анаҭоит ҷыдала иаҧҵоу Аҧҵаратә хеилак. Уи аилазаараҿы иҟоуп: Жәлар Реизара-Апарламент аиҳабы, Аҧсны Ахада Иусбарҭа анаҧхгаҩы, Ауаажәларатә еиҿкаара “Аҧсны анацәа аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы” ахантәаҩы, Аҧсны абыргцәа Рхеилак ахантәаҩы.

Аҧҵаратә Хеилак аиуристтәхаҿы змоуи хаҭала ауааҧсыреи, Аҧсны иқәынхо ауааҧсыреи рахь адепутатцәа раҧшьгара адгылара арҭарц, ирылшо ала хатәгәаҧхарала асадаҟы ҟарҵарц ааҧхьара ҟанаҵоит.

Уи Аҧсны Аҵәахырҭатә банк аҿы иаарту абри амааҭтә хыҧхьаӡаратә счиот № 40703810000000000306 ала иҟарҵарц рылшоит.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа