Ажәабжьқәа

Популярное

Азеирбаџьан атәылауаҩ Қырҭтәыла даанкылан Аԥсны дахьыҟаз иахырҟьаны

871
13.01.2012 11:34

Қырҭтәылатәи аҳәаахьчаҩцәа Азеирбаџьан атәылуаҩ дааныркылеит «иртәыртәыз атерриториақәа» рахь ацаразы иҟоу апҟаррақәа ахьеилеигаз азы. ИА «Қырҭтәыла-Ажәабжьқәа» излаанацҳауа ала, абри атәы аҳәоит атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәаахьчаратә полициа асаит аҿы.
Аҳәаахьчаҩцәа излеилыркааз ала, Гусеинов ԥхынҷкәынмза ?: рзы изакәанымкәа Аԥсны, Аҟәаҟа дцеит аԥсуа-аурстә ҳәаа агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ Ԥсоу дахысны.
Гусеинов дааныркылеит Ихадоу аҳәаахьчаратә усбарҭа жәыргьыҭтәи ахәҭеи Пуҭ иҟоу аусбарҭеи русеицура иабзоураны.
Гусеинов иҿагылана ашьауӷатә ус аартуп Қырҭтәыа Ашьауӷатә кодекс инақәыршәаны. Қырҭтәылатәи амассатә информациа аусбарҭақәа излаарыцҳауа ала иаанкылоу идҵахоит аштраф ду ашәара, ма хәшықәса рҟынӡа аҭакра.
httpҚ//www.rosbalt.ru/exussr/№ҭ?№/ҭ?/?ҷ/)ҷ№қҷ?.html


Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа