27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Беслан Барцыц Гал араион ахада ҿыц инапынҵақәа назыгӡо аихьӡарақәа иҳараку рыҩаӡара изеиҕьаишьеит
659
09.12.2019 12:50
Гал араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Омар Бганба араион Ахадара аусзуҩцәа рҿаҧхьа идгалара мҩаҧган.
Аҟәа. Ҧхынҷкәынмза 9. Аҧсныпресс. Дамеи Касланӡиа. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Барцыц Гал араион ахада ҿыц инапынҵақәа назыгӡо Омар Бганба араион Ахадара аусзуҩцәа рҿаҧхьа идгалара мҩаҧигеит.
Убри аан, Беслан Барцыц араион аҿы хра злоу аекономикатә еихьӡарақәа шыҟоу инаҵшьны иазгәеиҭеит: “Хәы-шықәса раҧхьа Гал араион аҿы асоциал-економикатә ҭагылазаашьа, акультуреи аҵарадырреи рыҩаӡара, уҳәа зынӡа даҽакала иҟан. Уажәы акәзар, араион аҧхьагыларатә позициаҿы игылоуп ҳәа уҳәаратәы иҟоуп”.
Беслан Барцыц ахыҧхьаӡаратә рбагақәа ааигеит: “2014 шықәса рзы араион абиуџьет 119 миллион мааҭ аҩаӡара аҿы иҟан. 2019 шықәса рзы – уи 200 миллион рҟынӡа инаӡеит”. Уи иажәақәа рыла, араион ахада ҿыц зегь раҧхьаӡа иргыланы иҭакҧхықәроу – иҟоу аихьӡарақәа рыҩаӡара ламырҟәыкәа иҟаҵоу ҩаҧхьа ацҵара ауп.
Ахәҭакахьала, Омар Бганба иоуз агәрагара азы ҭабуп ҳәа раҳәо иҟоу аихьӡарақәа ҩаҧхьа ишрыцҵахо азы еизаз агәра диргеит. “Раҧхьаӡатәи амш инаркны сара араион салсны игәасҭарц сгәы иҭоуп. Ақыҭақәа рхадацәа сырҧылараны сыҟоуп, иҟоу ауадаҩрақәеи, урҭ рыӡбаразы иаҭаху ацхыраареи рзы срызҵаауеит. Анаҩс иӡбатәны иқәҳаргыло ахыдҵақәа зегьы рынагӡара ҳҽазаҳшәалоит”, – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Омар Бганба.
(АП): Бганба Омар Адгәыр-иҧа диит нанҳәамза 26, 1969 шықәса рзы Ҭҟәарчал ақалақь аҿы.
1985 шықәса рзы Арасаӡыхьтәи абжьаратәи ашкол далгеит.
1987-1988 шш. – Асовеит Ар аҿы арратә маҵзура дахысуан.
1989-1996 шш. – Московатәи автомобилтә-мҩатә институт аҿы аҵара иҵон.
2007- 2016 шш. – акоммерциатә усура инапы алакын, Зҭакҧхвқәра ҳәаақәҵоу Аилазаара “Скорпион” анапхгаҩы хадас аус иуан.
2016 шықәса инаркны ҧхынҷкәынмза 5, 2019 шықәса рҟынӡа – Гәылрыҧшь аҳабла Администрациа ахадас аус иуан.
Дҭаацәароуп, хҩык ахшаара драбуп.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа