27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Беслан Џьопуа Аҧсны Аҳәынҭқарра аимадареи, амассатә коммуникациақәеи, ацифратә ҿиареи рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аколлектив анапхгаҩы ҿыц Беслан Ҳалуашь дыдирдырит
500
22.05.2020 14:37
Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩыс дҟаҵоуп Беслан Ҳалуашь.
Аҟәа. Лаҵарамза 22. Аҧсныпресс. Аҧсны аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Беслан Џьопуа Аҧсны Аҳәынҭқарра аимадареи, амассатә коммуникациақәеи, ацифратә ҿиареи рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аколлектив анапхгаҩы ҿыц Беслан Ҳалуашь дыдирдырит.
Беслан Џьопуа аколлектив иргәалаиршәеит Ахылаҧшырҭа анапхгаҩы ҿыц аимадареи амасатә коммуникациақәеи русхкы аҿы аҧышәа ду шимоу, асистема аҳәынҭқарратә структурақәа рышьақәгылара аҿы активла ихы шалаирхәхьаз атәы. Уи иажәақәа рыла, Ахылаҧшырҭа ҿыц аҧҵара ахымҧадатәра, атәыла Анапхгара аҳәынҭқарра аҿаҧхьа иқәгылоу азҵаарақәа жәпакы рыӡбара арманшәалара иазырхоуп. “Ацифратә ҿиарада иахьа аҳәынҭқарра ашьақәгылара – аекономикатә, асоциалтә еиқәыршәара, атәыла ашәарҭадара, уҳәа иадҳәалоу аусхкқәа жәпакы русура ухахьы иузаагаӡом. Ацифратә ҿиара иахьатәи амедицина, аҵарадырра, ауааҧсыра аҳәынҭқарратә маҵзура рыҭара, уҳәа аусзкқәа рҿы ҳаамҭазтәи атехнологиақәа рышьаҭаны иҟалеит. Ахылаҧшырҭа ҿыц атәыла Анапхгара иарбоу аусхкы аҿы аусура аиҿкааразы аҭакҧхықәра аднаҵоит”, – ҳәа иҳәеит Беслан Џьопуа.
Ихәҭаахьала, Беслан Ҳалуашь аколлектив аусзуҩцәа зегьы рыбзоурала атәыла Анапхгара ала Ахылаҧра аҿаҧхьа иқәгылоу азҵаарақәеи, иазҧхьагәаҭоу аунагӡатәқәа зегьи рынагӡара алыршахоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Аҳәынҭқарратә Еилакы ҧахьатәи анапхгаҩы Робесҭан Габлиа, Беслан Ҳалуашь дидныҳәало ақәиҿарақәа изеиӷьаишьеит: “Шәара ззанааҭдырра ҳараку профессионалуп. Шәусураҿы ақәҿиарақәеи аихьӡарақәеи шәзеиӷьасшьоит. Хы-шықәса инареиҳаны аус зыцызуаз аколлектив иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Шәара шәқәыҧшцәоуп, хра злоу агәҭакқәеи иахәҭоу аҵарадырреи шәымоуп, атәыла ашьақәгылараҿы есымша шәхәарҭазаауеит”.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа