Ажәабжьқәа

Популярное

Чечентәылатәи Ареспублика аҟынтәи хатәгәаҧхаралатәи аибашьцәа Аҧсны иқәынхо ажәлар рахь ааҧхьара: аҭышәантәалареи, ҳара зегьы акыр иаҳзыҧсоу Аҧсны Аҳәынҭқарра асуверенитети шәыхьча!

879
09.12.2016 19:46
Чечентәылатәи Ареспублика аҟынтәи хатәгәаҧхаралатәи аибашьцәа Аҧсны иқәынхо ажәлар рахь ааҧхьара: аҭышәантәалареи, ҳара зегьы акыр иаҳзыҧсоу Аҧсны Аҳәынҭқарра асуверенитети шәыхьча!
Чечентәылатәи Ареспублика аҟынтәи хатәгәаҧхаралатәи Аҧсны еибашьуаз Рхеидкыла ааҧхьара аланарҵәеит.

Аҟәа. Ҧхынҷкәын 9. Аҧсныпресс. “Ҳара, Чечентәылатәи Ареспублика аҟынтәи хатәгәаҧхарала Аҧсны еибашьуаз зегьы, Аҧсны имҩаҧысуа ахҭысқәа ахшыҩзышьҭра ҷыда аҳҭоит, ҕәҕәалагьы ҳазҿлымҳауп. Аполитикатә усзуҩцәа зегьы аҽынкылареи аҟәыҕареи аадырҧшырц азы ааҧхьара раҳҭоит. Ҳара ҳганахьала, Ареспубликатә Уаажәларратә Еиҿкаара “Аруаа” ишьақәнарҕәҕәаз аӡбамҭа ҳадгылоит, аҧсуа уаажәларратә еилазаара реидгылара иазырхоу ауснагӡатәқәа рымҩаҧгара хымҧадатәиуп ҳәа агәаанагара ҳамоуп.

Ҳара Аҧсны иқәынхо ажәлар зегьы, арратә ҩызцәа, иара убас аполитикатә мчрақәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит – аҭышәантәалареи, ҳара зегьы акыр иаҳзыҧсоу Аҧсны Аҳәынҭқрра асуверенитети шәыхьча!”

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа