Ажәабжьқәа

Популярное

Даҽа ҩыџьа акороновиус аинфекциа рыхьит: акоронавирус аарҧшхеит Гәдоуҭа ақалақь аҿы иҟоу урыстәылатәи 7-тәи арратә база акурсант иҿы

663
14.05.2020 19:30
Даҽа ҩыџьа акороновиус аинфекциа рыхьит: акоронавирус аарҧшхеит Гәдоуҭа ақалақь аҿы иҟоу урыстәылатәи 7-тәи арратә база акурсант иҿы
Ауааҧсыра акоронавирус рацәыхьчара азы аоперативтә Штаб адырра ҟанаҵоит...

Аҟәа. Лаҵарамза 14. Аҧсныпресс. Ауааҧсыра акоронавирус рацәыхьчара азы аоперативтә штаб атәыла аҩныҵҟа иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа азы адырра аҟаҵара иацнаҵоит.

Убас, аоперативтә Штаб иҟанаҵо адыррақәа рыла, иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла  алабораториатә диагностика иахысыз 27-ҩык рҟынтәи ҩыџьа рҿы акоронавирус азы адиагноз шьақәырӷәӷәахеит. Урҭ руаӡәы мышқәак раҧхьа зыҧсадгьыл ахь ихынҳәыз урыстәылатәи аҵараиурҭа астудент Аҧсны атәылауаҩ иоуп, егьи – Ареспублика Дӷьсҭан аҟынтәи ааигәа иааз, Гәдоуҭа ақалақь аҿы иҟоу урыстәылатәи 7-тәи арратә база акурсант иоуп.

Актәи апациент Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь днагахоит, аҩбатәи – урыстәылатәи 7-тәи арратә база алазарет аҿы ахәытәра дахыслоит”.

Иара убас: “8 ҩык асасааирҭа “Аиҭар” аҟны аобсервациа аҟынтәи рыҩныҟақәа рахь иоушьҭуп. Урҭ зегьы рҿы акороновирус азы адиагноз шьақәырӷәӷәаӡам”.

Убас ала, аоперативтә Штаб иҟанаҵо адыррақәа рыла, иахьатәи амш азы Аҧсны акороновирусттә ҿкы чымазара зыхьыз 14-ҩык ыҟоуп. Апандемиа аамҭа иалагӡаны зынӡа Аҧсны акороновирусттә ҿкы чымазара зыхьыз рхыҧхьаӡара 17-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рахьынтә ҩыџьа ргәы бзиахахьеит, аӡәы иҧсҭазаара далҵит.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа