Ажәабжьқәа

Популярное

Даҽа ҩыџьа акороновиус аинфекциа рыхьит

649
13.05.2020 20:52
Даҽа ҩыџьа акороновиус аинфекциа рыхьит
Ауааҧсыра акоронавирус рацәыхьчара азы аоперативтә Штаб адырра ҟанаҵоит...

Аҟәа. Лаҵарамза 13. Аҧсныпресс. Ауааҧсыра акоронавирус рацәыхьчара азы аоперативтә штаб атәыла аҩныҵҟа иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа азы адырра аҟаҵара иацнаҵоит.

Убас, аоперативтә Штаб иҟанаҵо адыррақәа рыла, иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла алабораториатә диагностика иахысыз 58-ҩык рҟынтәи ҩыџьа рҿы акоронавирус азы адиагноз шьақәырӷәӷәахеит. Урҭ руаӡәы иацы зыҧсадгьыл ахь ихынҳәыз урыстәылатәи аҵараиурҭа астудент иоуп, егьи – Аҧсны атәылауаҩ , ааигәа зыҧсадгьыл ахь ихынҳәыз, ачымазара ҿкы COVID-19  алаҽра азы дыхьыгәҩараз инамаданы ахәышәтәырҭахь днагоуп.

Апациентцәа ахәшәтәра иахысуеит, иахәҭоу ахәшәқәа рыла еиқәыршәоуп, ргәабзиара аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп”.

Убас ала, аоперативтә Штаб иҟанаҵо адыррақәа рыла, иахьатәи амш азы Аҧсны акороновирусттә ҿкы чымазара зыхьыз 12-ҩык ыҟоуп. Апандемиа аамҭа иалагӡаны зынӡа Аҧсны акороновирусттә ҿкы чымазара зыхьыз рхыҧхьаӡара 15-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рахьынтә ҩыџьа ргәы бзиахахьеит, аӡәы иҧсҭазаара далҵит.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа