Ажәабжьқәа

Популярное

Дараселиа ажәла ахаҭарнакцәа иналукааша, еицырдыруа ашьапылампыласҩы Витали Дараселиа имемориал аиҭашьақәыргылараҿы ацхыраара ҟазҵаз зегьы ҭабуп ҳәа рарҳәоит

575
13.10.2017 11:48
Дараселиа ажәла ахаҭарнакцәа иналукааша, еицырдыруа ашьапылампыласҩы Витали Дараселиа имемориал аиҭашьақәыргылараҿы ацхыраара ҟазҵаз зегьы ҭабуп ҳәа рарҳәоит
Дараселиаа аижәлантәқәа еицырдыруа ашьапылампыласҩы Витали Дараселиа ҳаҭырла дызгәалазыршәази имемориал аиҭашьақәыргылараҿы ацхыраара ҟазҵаз зегьы ҭабуп ҳәа рарҳәоит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 13. Аҧсныпресс. Жьҭаарамза 9, Витали Дараселиа  диижьҭеи 60-шықәса аҵра амш аҽны ,ҷыдала ари арыцхә аламҭалазы еиҭашьақәыргылаз имемориал аҿаҧхьа алахьеиқәҵаратә митинг еиҿкаан. Иарбоу аусмҩаҧгатә рхы аладырхәит араион Ахадара ахаҭарнакцәа, ашьапылампыл аветеранцәа, ақалақь ауааҧсыра. Анаҩс, Аҟәа ақалақь астадион хада аҿы зыхьӡ нагоу аспортсмен игәалашәара иазкны ашьапылампылтә клуб “Ерцахә” Аҧсны еизгоу акомандеи рветеранцәа рыбжьара аиҩызаратә матч мҩаҧгахеит. Имҩаҧгаз агәаларшәаратә усмҩаҧгатәқәа инарымаданы, Дараселиа ажәла ахаҭарнакцәа иналукааша, еицырдыруа ашьапылампыласҩы Витали Дараселиа ҳаҭырла дызгәалазыршәази уи ихьӡала иқалақь гәакьа Очамчыра ишьақәыргылоу амемориал аиҭашьақәыргылараҿы ацхыраара ҟазҵаз зегьы ҭабуп ҳәа рарҳәоит. Аџьшьаратә шәҟәы аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭахеит: “Витали Дараселиа ҳаҭырла дызгәалазыршәази уи ихьӡ анаунагӡатәра азы иқалақь гәакьа аҿы игылоу абаҟа аиҭашьақәыргылара аҿы ацхыраара ҟазҵази зегьы – Аминистрцәа Реилазаара, Москватәи аҧсуа диаспора, Гагреи Очамчыреи рраионқәа Рхадарақәа, уҳәа аӡәырҩы, Витали Дараселиа ҳаҭырла дызгәалашәази имемориал аиҭашьақәыргыларатә усурақәа злагала алазҵази зегьы ҭабуп ҳәа раҳҳәоит. Ас еиҧш ахаҵгылара ҳара аижәлантәқәа ҳзы даара акырӡа аҵанакуеит. Витали Дараселиа ихьӡи еихьӡарақәеи наунагӡа ҳгәалашәараҿы иаанхоит”.


(АП): Витали Дараселиа жьҭаарамза 9, 1957 шықәса Очамчыра ақалақь аҿы диит. Асовет Еидгыла ашьапылампыл, абжьарахьчаҩ, Асоветтә Социалисттә Республикақәа Реидгыла аспорт азҟаза. Испорттә усура ашықәсқәа рҕьырак Қарҭтәи “Динамо” азы иқәгылара иазкын. 1980-1981 шықәса азы Ахраҿақәа рыхраҿа аматч аҿы акоманда “Карл Цейсса” амба аамҭа хада анҵәамҭанӡа 3 минуҭк шагыз зегь зыӡбо ампыл ҭаиршәит. Иҟалаз автомашәыр иахҟьаны дҭахеит. Витали Дараселиа амилаҭтә фырхаҵа иаҳасабала Иҧсадгьыл аҿы иқалақь гәакьа Очамчыра анышә дамадоуп.

Возврат к списку


Амш зеиԥшрахо
Яндекс.Погода
Авалиута акурс
Социальные сети
Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа