27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Даур Ақаҩба Даниель Ортега диҧылеит
365
22.07.2019 12:00
Аҧсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Сандинисттәи ареволиуциа 40-шықәса ахыҵра инамаданы аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа ихы алаирхәит.
Аҟәа. Ҧхынгәымза 22. Аҧсныпресс. Манагуа, Сандинисттәи ареволиуциа 40-шықәса ахыҵра инамаданы аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Ареспублика Никарагуа Апрезидент Даниель Ортега реиҧылара мҩаҧысит.
Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даниель Ортега идкылара азы ҭабуп ҳәа еиҳәеит, иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба иҟынтәи Сандинисттәи ареволиуциа 40-шықәса ахыҵра инамаданы дидныҳәалеит.
Даниель Ортега Ареспублика Никарагуеи Аҧсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара ишьақәгылаз аизыҟазаашьақәа рҵакы ахадара дазааҭгылеит, анаҩсгьы урҭ рҳәаақәа рырҭбаара шалыршахо азы агәыҕра ааирҧшит.
Ареспублика Ниарагуа Апрезидент иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба ааигәа имҩаҧысраны иҟоу Аҳәынҭқарра Ахадарахь алхрақәа рҿы ақәҿиарақәа изеиҕьаишьеит.
Ахәҭакахьала, Даур Ақаҩба Ареспублика Никарагуа аделегациа нанҳәамза 25, 2019 шықәсазы Аҧсны имҩаҧысраны иҟоу Аҳәынҭқарра Ахадарахь алхрақәа рҿы анаҧшыҩцәа раҳасабала алахәхара азы ааҧхьара риҭеит.
Имҩаҧысыз аиҧылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, аганқәа иара убас аҩганктәи ауеицура ихадоу ахырхарҭақәа рыла ргәаанагарақәа еибырҳәеит.
Аминистр иара убас Даниель Ортега иара ианизыманшәалоу аамҭа алхны Аҧсны аофициалтә визитла даҭааразы ааҧхьара ииҭеит.
Аиҧылара ахыркәшамҭаз аҩганк ахаҭарнакцәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа