27.07.2020 14:29
928
23.07.2020 17:30
871
23.07.2020 16:39
839
23.07.2020 14:33
823
23.07.2020 14:20
797
23.07.2020 10:36
845
09.06.2020 18:12
3093
09.06.2020 15:47
3124
08.06.2020 21:03
3011
01.06.2020 18:12
3548
01.06.2020 17:31
3554
01.06.2020 16:00
3541
27.05.2020 21:34
4350
27.05.2020 16:36
4414
Популярное
Даур Аршба: абызшәатә зҵаара иахьатәи аамҭазы аҳәынҭқарратә милаҭтә политика иреиҳаӡоу ахырхараҭақәа ируакуп
478
05.07.2019 09:00
Даур Аршба Аҳәынҭқарратә бызшәа арҿиаразы аҳәынҭқарратә программа апроект аиҿкаара знапы иану акомиссиа актәи аилатәара мҩаҧигеит.
Аҟәа. Ҧхынгәымза 5. Аҧсныпресс. Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаараҿы амилаҭтә бызшәа арҿиаразы 2020-2022 шықәсазтәи аҳәынҭқарратә программа апроект ашьақәыргылара зҭакҧхықәу акомиссиа актәи аилатәара мҩаҧысит. Уи хантәаҩра азиуеит аилатәарагьы мҩаҧигеит Аҧсны Аҳәынҭқарра актәи аҧыза-министр Даур Аршба. Аилатәара аҿы ишьҭыхын азҵаарақәа рацәаны. Убас, иқәыргылаз ахыдҵақәа инарықәыршәаны, акомиссиа алахәылацәа аҳәынҭқарра анапхгара рхаҭарнакцәа, амассатә информациа ахархәагақәа, аҭҵаарадырра, аҵарадырра, акультура усзуҩцәа рхыҧхьаӡара шьақәдыргылароуп.
“Аҧсуа бызшәа – иреиҳау доуҳатә малуп аҧсуаа ҳзы, уи алагьы, абызшәатә зҵаара иахьатәи аамҭазы аҳәынҭқарратә милаҭтә политика иреиҳаӡоу ахырхараҭақәа ируакуп, ҳмилаҭтә акзаара арӷәӷәара иафакторуп”, – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Даур Аршба.
Акомиссиа аилатәараан, алахәыцәа рыла иалкаан абызшәа ахархәараҿы иҟоу ахадаратә ҧырхагақәа, уи алагьы апроект ашьақәыргылараҿы ахшыҩзышьҭра зҭаху аусмҩаҧгатәқәа азҧхьагәаҭан, иалацәажәан амилаҭтә бызшәа арҿиараҿы зегьы зықәныҟәаша иаку аконцепциа алагалара шхымҧадатәиу.
Убас ала, акомиссиа ахаҭарнакцәа ражәалагалақәа иреиуан аҳәынҭқарратә усмҩаҧгара аҧсуа бызшәахьы аиагара, аорфографиатә жәарқәа аус рыдулара, атехникатә хархәагақәа рылшарала абызшәа аларҵәара, уҳәа аусмҩаҧгатәқәа жәпакы.
Аҳәынҭқарратә бызшәа арҿиаразы акомиссиа алахәылацәа ражәақәа рыла, 2020-2022 шықәсазтәи аҳәынҭқарратә программа апроект “Аҧсны Ахәынҭқарратә бызшәазы” Азакәан иашьашәало, 2019 шықәсазтәи абиуджет иалагалахоит.
Аилатәара ахыркәшамҭазы абызшәа арҿиаразы аҳәынҭқарратә программа ашьақәыргылара зҭакҧхықәу акомиссиа аҩныҵҟа аус зуша аусуратә гәыҧ аҧҵан.
(АП): Аҧсны аҳәынҭқарратә бызшәа арҿиаразы аҳәынҭқарратә программа апроект аиқәыршәара зҭакҧхықәу акомиссиа аҧҵан Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара Адҵа №115, рашәарамза 28, 2019 шықәса инақәыршәаны.

Аӡырга
Аинформациатә алахәылаҩцәа